Авторизация:

Агәыҧ «Дед» аибашьцәа рбаҟа аадыртит

Агәыҧ «Дед» аибашьцәа рбаҟа аадыртит
26 октября 2018 16:12 2573
Аҧсадгьыл-инфо, 26 2018 ш.  

Аҽгәара ақыҭан Борис П,ачлиа напхгара зиҭоз агәыҧ «Дед» аибашьцәа рбаҟа аадыртит

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 26 2018 ш. 26 шықәса раҧхьа, октиабр 26 1992 шықәса, Мрагыларатәи афронт аибашьцәа Очамчыра ақалақь ақырҭуа ир рҟынтәи ахы иақәиҭыртәырц рҽазыршәеит. Уи аоперациа иалахәыз рыбжьара иҟан Борис П,ачлиа командирс дызмаз агәыҧ «Дед». Уи аоперациа лҵшәадахеит. Аҧсуа еибашьцәа рышьҭахьа ианыгьежьуаз агәыҧ «Дед» иалаз ақырҭқәа ирылашәеит. 33-ҩык рҟынтәи 19-ҩык ҭархан, фҩык ртҟәеит.

Еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ақалақь аҭарцәразы ижәылоз аиҳарак аоперациа изалахәымхаӡеит, ҳәа иҩуан агәыҧ «Дед» аибашьҩы Славик Бганба.

«Зны-зынла убас сгәы иаанагоит, ҳазлахьаҵуаз амҩа ыҟаӡамызт, аиааира згаз ауаа ирықәшаны, аҟәҟәаҳәа иргәыдҵаны амашьына рҭабылра аҭыҧ амаӡамызт, дара аҭак аҟаҵаргьы рылшомызт, изықәтәаз амашьына аҟынтәи акагьы ахьуумбоз азы. Ари аҩыза ҟамлар акәын. Аалӡга ацҳа агара зылшаз ауаа ас еиҧш аҧсра рылшомызт», - ҳәа иҩуан Славик Бганба.

Иахьрыкәшаз аҭыҧ аҿы иҭахеит: Дед – Борис П,ачлиа, Руслан Трунов, Дади – Автондил Гәарамиа, Аркади Абелов, Аслан Џьопуа, Џьума Бачава, Слава Инаҧшьба, Руслан Ҳаџьымба, Ахра Ҳаџьымба, Старыи – Нодар Кәарҷиа, Турка – Зурик Харчлаа, Заур Харчлаа, Омар – Роман Хоџьаа, Даур Кәачахиа, Ахра Берзениа, Петиа – Едик Асланӡиа, Платон Бигәаа, Сократ Самсониа.

«Ари аоперациа ашьҭахь игьежьыз маҷуп: есымша иҟазҵоз здыруаз Мурман Гәарамиа, афырхаҵара злаз Иалта – Александр Какачиа, Ҭемыр Џьынџьал, Руслан Џьопуа, Беслан Делба, Ахра Делба, Гурам Kәарҷиа, Фред Таниа, Џьон Зарандиа, Игор Нарманиа, Џьамал Xоџьаа, Славик Xоџьаа. Игьежьыз рхыҧхьаӡараҿ сыҟан саргьы, аҵыхәтәантәи аминуҭ азы абылра иаҿыз амашьына аҟынтәи Руслан Џьопуа дзыгәҭасны иҭижьыз. Иара зыҧсы ҭаз рахьынтәи аҵыхәтәаны амашьына иҭыҵыз иоуп», - игәалаиршәон Бганба.

Афырхацәа рбаҟаҿы иануп:

«Сыҧсадгьыл сазықәҧоит саӡәыкны,
Сымаҿа ныха санықәны».

Абаҟа авторс дамоуп Баҭал Џьапуа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений