Авторизация:

Ашәба Лаша адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеит

Ашәба Лаша  адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеит
8 марта 2024 13:34 639
Аҧсадгьыл-инфо, 8 2024 ш.  

Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш!

Арҭ ааԥын мшқәа рзы шәара ишәызку ажәақәа зегьы ҳаҭырла, гәыблыла ҳшышәзыҟоу атәы рҳәоит. Адунеи ыҟанаҵы иҟоу аҟазшьа ссирқәа – анра, ахамеигӡара, аҟәыӷара, аҭаацәарақәа еилшәарада иаазго аԥхарра – ныҟәызго шәара шәоуп, акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳахәшьцәа.

Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит баагәараҵас шәахьҳадгылоу азы, иҳашәҭо аԥсҭазаара агәрагаразы. Аԥсны иқәынхо аҳәса, ааԥсара ззымдырӡо, еиуеиԥшым аусхкқәа знапы рылаку, хьӡы-ԥшалагьы иныҟәыргоит анра, аиаҳәшьара, аиҩызара. Шәара шәлагаламҭа маҷӡам иара убас ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны, аизҳазыӷьараҟны.

Абри ааԥын ныҳәамш азы гәыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, анасыԥ».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений