Авторизация:

Гәдоуҭа амҩатә машәыр ӷәӷәа ҟалеит

Гәдоуҭа амҩатә машәыр ӷәӷәа ҟалеит
3 октября 2018 19:09 8311
Аҧсадгьыл-инфо, 3 2018 ш.  

Facebook аҿы ауаа иаарыцҳауеит Гәдоуҭа, Чернаиа речка ҳәа иахьашьҭоу амаршруткеи амашьына ласи шеиҿасыз.

Апсадгьыл-инфо, октиабр 3 2018 ш. Уажәазы иҟоу аинформациа ала, амашьына Mazda иақәтәаз ицәаҳәа дахысны амикроавтобус Mercedes-Benz Sprinter имҩахь дагеит. Абри азы Аҧсадгьыл-инфо ахь адырра ҟарҵеит Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

1995 ш. рзы ииз Mazda иақәтәаз иҭахара дырҵабыргит апресс-маҵзураҿы, 1956 ш. рзы ииз амикроавтобус аныҟәцаҩ еиуеиҧшым аахақәа иманы ахәшәтәырҭахь днаган.

Уаанӡа Facebook аҿы иаарыцҳауан амашьына лас иақәтәаз амашәыр ахьыҟалаз аҭыҧ аҿы дышҭахаз, амаршруттә такси аныҟәцаҩ ахәшәтәырҭахь дшыргаз.

Аминистрра иамоу аинформациа ала, амикроавтобус аҟны фҩык апассаџьырцәа ҭатәан, урҭ гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит, аӡәы Аҟәаҟа диаргеит. Иҟоу аинформациа ала, апассаџьырцәа рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений