Авторизация:

Ҳаџьымба еицырдыруа ашьапылампыл асҩы иҧа иӷьычра ахҳәаа азыҟаиҵеит

Ҳаџьымба еицырдыруа ашьапылампыл асҩы иҧа иӷьычра ахҳәаа азыҟаиҵеит
фото: сайт президента РА
30 августа 2018 18:33 5010
Аҧсадгьыл-инфо, 30 2018 ш.  

Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба апресс-конференциаҿы абизнесмен Геннади Санаиа иӷьычра ахҳәаа азыҟаиҵеит.

"6-тәи атаксомотортә парк" адиректорцәа реилазаара ахантәаҩы Геннади Санаиа дшырӷьычыз ауажәларра еилыркааит август 25 рзы Феисбук аҿы аноним иқәиргылаз апост ала. Уаҟа иаҳәон абизнемен август 24 рзы дшырӷьычыз.


«Аусҭҵаара иаҧырхагамхарц азы аинформациа рыларҳәом. Азинхьчаратә усбарҭақәа иахәҭоу аусқәа мҩаҧыргоит. Агәра згоит, зегьы бзиан ишыҟало», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба Геннади Санаиа иӷьычра азы акомментари ҟаҵо.

Апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба Аҧсадгьыл-инфо иаиҭаз аинформациа ала, август 24 2018 ш. рзы Аҟәа араион апрокуратура ашьауӷатә ус хацнаркит Ашьауӷатә кодекс 119-тәи астатиа аҩбатәи ахәҭа, ахәҭаҷқәа «а», «в», «ж» рыла. Уи бџьарла еиқәшәаз гәыҧҩык ауаа еибыҳәаны ауаҩы иӷьычра аанагоит.

Геннади Санаиа диит 1944 ш. рзы Дынхоит Москвеи Аҟәеи. Иаб еицырдыруа ашапылампыл асҩы Вальтер Санаиа дыхәмаруан Аҟәатәи, Қарҭтәи, Москватәи «Динамо» аклубқәа рзы, Лев Иашин аҧхьатәи иазыҟаҵаҩ ҳәа дыҧхьаӡоуп.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений