Авторизация:

Беслан Ешба дырҭааит Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭеи аинфекциатә хәышәтәырҭеи (авидео)

Беслан Ешба дырҭааит Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭеи аинфекциатә хәышәтәырҭеи (авидео)
5 ноября 2020 20:12 713
Апсадгьыл-инфо, 5 ноября 2020 г.  

Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭаҿы акоронавирус зыхьуа ачымазцәа ахьрыдыркыло аҟәша аремонт хдыркәшеит. Ахәышәтәырҭа аиҳабы иҭабуп ҳәа реиҳәеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны ас еиҧш аремонт ахьыҟарҵаз.


Виачеслав Абыхәба иажәақәа рыла, дара ироуит ачымазцәа аобсервациа иахьахрыжьуа аҭыҧ, уи иабзоураны егьырҭ ачымазцәеи аперсонали дареи еиқәымшәо иҟалоит.
Ақалақь ахада иҳәеит иаанхаз аусурақәа иаарласны ихдыркәшарц. Беслан Ешба дазҿлымҳан аелектрикатә цәаҳәақәа рҭагылазаашьа. Иреиҳәеит адәахьгьы урҭ ацәаҳәақәа рыҧсахырц.

Аремонт иаҿу «Аҟәаргылара» аиҳабы Асҭамыр Ԥиҧиа иҳәеит хәымш рыҩныҵҟа иаанхаз аусурақәа ишрылго атәы.

Беслан Ешба ахәышәтәырҭа аперсонал иреиҳәеит рхы рыхьчаларц, иҟоу аамҭазы дара ишрықәгәыӷуа.

Ақалақь ахада днеины игәеиҭеит адкыларҭа аҭагылазаашьагьы. Аҳақьым хада еиҳәеит араҟа аремонт аҟаҵара иалагар, аамҭала адкыларҭа аиагара ахьрылшо атәы иазхәыцырц.

Анаҩс Беслан Ешба днеит аинфекциатә хәшәтәырҭахь.


Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Гәниа иҳәеит 35-ҩык шышьҭоу, хәҩык ылырҩаауеит, хҩык рҭагылазаашьа бааҧсуп. Ақалақь ахада дазҵаауан ахәшәқәа ртәы. Асҭамыр Гәниа иҳәеит аковид ахәшәтәразы ирҭахәы зегьы шрымоу.

Араҟа ишьҭоуп аинфаркти аинсульти рышьҭахь аковид зыхьыз. Ианаҭаххо арахь иааиуеит егьырҭ ахәышәтәырҭақәа рҟынтәи аҳақьымцәагьы. Ахәышәтәырҭаҿы ирызхаӡом ареанимотологцәа, убас ирҭахуп амедиаҳәшьцәа.

Асҭамыр Гәниа иҳәеит ачымазцәа ироуа ахәышәтәра акомпиутертә база аҭагалара шаларгало. Уи аҳақьымцәа рус арманшәалоит. Ахәышәтәырҭақәа рахь ианыдҵаалалак, рыхьӡ ананырҵалак, иаацәырҵлоит изхысхьоу ахәшәтәра, ирыдыркылоз ахәшәқәа.

Ақалақь ахада уи ибзиоу усуп ҳәа реиҳәеит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений