Авторизация:

Аслан Бжьаниа: удырӡуан аҧсуа бызшәа уҳәар, аха еиқәдырхеит

Аслан Бжьаниа: удырӡуан аҧсуа бызшәа уҳәар, аха еиқәдырхеит
25 апреля 2024 10:38 471
Апсадгьыл-инфо, 25 апреля 2024 г.  

Аҧсуа телехәаҧшра ажурналистцәа Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа аинтервиу анимырхуаз актәи зҵаараны ишьҭырхит аҧсуа бызшәа азҵаара - абызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарра иарбан усқәоу имҩаҧнаго.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит 30 шықәса рыҩныҵҟа х-комиссиак шеиҿкааз аҧсуа бызшәа аҿиаразы, аха иахьагьы иҟнагӡам аусқәа шыҟоу.

«Сани саби еиҭарҳәон, аҧсуаа азин рымаӡамызт Аҧсны ҧсышәала ацәажәара. Уи шықәсык акәӡамызт ус ианыҟаз, кыршықса иҟан, аха ҳауаажәжлар аҧсуа бызшәа еиқәдырхеит. Аҧсуа бызшәа џьара унеины уцәажәар ауамызт, ашкол аҟны иҟамызт, аусбарҭақәа рҿы иҟамызт.


Аҧсуа бызшәа абеиқәхеи? Аҭаацәарҿы еиқәхеит. Ари сара аҭакҧхықәра аҳәынҭқарра аҟынтәи ауаа рахь иназгарц акәӡам изысҳәо. Сара исҳәарц исҭаху убри ауп, аҭаацәарҿы ауп ахы ахьыҵнахуа аҧсуа бызшәа. Убри ҳауаажәлар еилыркаар сҭахуп, уантәи ауп ишалаго аҭагылазаашьа.
Егьырахь, акурсқәа ҟаҳҵеит, онлаин-программа ҟаҳҵеит, ашколқәа ҳамоуп, амультфильмқәа ҳамоуп, Аҧсуа киностудиа ҳамоуп, ашәҟәы акьыҧхьра ҳамоуп. Уи зегьы ҳамаӡамызт усҟан. Уи азыҳәа удырӡуан аҧсуа бызшәа уҳәар, аха еиқәдмырхеи. Убри аҧышәагьы шьҭыхны иҭҵаатәуп. Усҟан изеиқәҳархеи, иахьа, даҽа ҭагылазаашьа бзиак анҳамоу, изаҳцәыӡуеи? Усҟан Аҧсны иалахәыз милаҭ рхыҧхьаӡаара еиҳаӡамыз? Еиҳан. Уажәы ҳара ҳаиҳауп. Абри аполитикцәа рымацара рыхшыҩ азхаӡом, ара абри апроблема здыруа аспециалистцәа, афилологцәа, алингвистцәа ражәа аҭахуп», - иҳәеит Аҧсны ахада.

Аслан Бжьаниа иҳәеит ари азҵаара иазкны иаарласны аспециалистцәа еизигарц шиҭаху.

«Убри аганахьала, ҵаула, наука бызшәала ҳалацәажәар сҭахуп. Зегь реиҧш саргьы уи азҵаара сахӡыӡаауеит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра ахада.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений