Авторизация:

Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа рзаанаҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа рзаанаҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
5 октября 2020 12:28 458
Апсадгьыл-инфо, 5 октября 2020 г.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа рзаанаҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит:

Акыр иаҧсоу ҳарҵаҩцәа!

Ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭ амшныҳәа. Арҵаҩы – ари ажәа зегьы ҳзын лымкаала аҵак ду амоуп.   Уи амч, заанаҭк ахьӡ арбара аасҭа акыр иеиҳауп. Ҳзыхшаз, ҳзааӡо ҳҭаацәа рнаҩсан аҧсҭазаара ҳазланысуа адыррақәа ҳаӡҭо 11 шықәса знапы ҳану ҳарҵаҩцәа роуп. Урҭ роуп изааӡо уаҵәтәи аҳақьымцәа, анџьнырцәа, аҳәынҭқарра напхгара азҭараны иҟоу аполитикцәа.

Аҧсны жәлар зегь рыхьӡала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит аҿар рааӡараҿы ишәбо аџьабаазы. Ихьанҭаз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы, ауадаҩрақәа чҳаны, шәгәы камыжькәан шәзаанаҭ шәазыхынҳәны ҳашколқәа реиқәырхара ахьалшәыршаз фырхаҵара дуны исыҧхьаӡоит. Уи ахашҭра аӡәгьы азин имаӡам.

Сынтәа шәзаанаҭ ныҳәа азгәашәҭоит имариам аамҭазы. Адунеи зымҽхазкыз ачымазара бааҧс ҳашколқәагь ирхьымсыр амуит. Ажәлар ирбоит шәара иаашәырҧшуа агәцаракра, ҳхәыҷқәа шәышрыхӡыӡаауа. Сшәыҳәоит ари аамҭазы шәаргьы шәхы шәеиҷаҳарц. Аҳәынҭқарра анапхгара ирылшо зегь ҟарҵалоит ҳашколқәа, иааизакны аҵарадырра   аусхк адгылара аҭаразы.

Иҳазгәакьоу ҳарҵаҩцәа, ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, шәнапы злакыу, иҧшьоу аус аҿы ақәҿиарақәа, шәҭаацәарақәа рҿы аманшәалара!
Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений