Авторизация:

Аслан Бжьаниа: Аҳәынҭқарра анапхгара ахықәкқәа ируакыуп Тҟәарчал иамаз аекономикатә лшарақәа шьаҿа-шьаҿала азырхынҳәра

Аслан Бжьаниа: Аҳәынҭқарра анапхгара ахықәкқәа ируакыуп Тҟәарчал иамаз аекономикатә лшарақәа шьаҿа-шьаҿала азырхынҳәра
9 апреля 2021 11:22 672
Апсадгьыл-инфо, 9 апреля 2021 г.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа тҟәарчалаа Ақалақь-Фырхаҵа 79 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп: «Акыр иаҧсоу тҟәарчалаа!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит ишәызгәакьоу шәықалақь 79 шықәса ахыҵра! Тҟәарчал, қәрала Аҧсны егьырҭ ақалақьқәа акыр иреиҵазаргьы, иамоуп ҳҳәынҭқарра ахьыӡ ҭызго аҭоурых ду. Аҩеижәатәи ашәышықәса актәи азыбжазы аҧшӡара иамҽхакыу ашьха ҭыҧаҿы иаҧҵаз ақалақь иаразнак Аҧсны аагалхра иагәны иҟалеит.

Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аан тҟәарчалаа иаадырҧшыз афырхаҵара ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы иҷыдоу аҭыҧ аанннакылоит. Амацәаз иҭакыз ақалақь ҧсеиқәырхага ҭыҧны ирзыҟалеит ампыҵахалаҩцәа зхы рцәызыхьчоз зықьҩыла аҳәсеи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи.

Аҳәынҭқарра анапхгара ахықәққәа ируакыуп Тҟәарчал Ақалақь Афырхаҵа иамаз аекономикатә лшарақәа шьаҿа-шьаҿала азырхынҳәра, ауааҧсыра рыбзазашьа аиҕьтәра. Тҟәарчал иаланхоит зхатә ҟазшьа змоу, еснагь асасцәа ирзыҧшу, ачеиџьыка пату ззақәу ауаа бзиақәа. Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит бзиа ишәбо шәықалақь ҧшӡа амш ныҳәа. Ишәзеиҕьысшьоит ҭаацәа цыҧхьаӡа аманшәалара, аизҳазыҕьара!

Ҳаҭырла,

Аслан Бжьаниа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада».




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений