Авторизация:

Абираҟ амш азы имҩаҧгахоит апоетцәа ҿарацәа реилазаара "АШАЦКЫРА" аӡыргара

Абираҟ амш азы имҩаҧгахоит апоетцәа ҿарацәа реилазаара "АШАЦКЫРА" аӡыргара
афото: Sputnik
22 июля 2020 17:53 791
Апсадгьыл-инфо, 22 июля 2020 г.  

Ҧхынгәы 23, Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш азы, Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҿы имҩаҧгахоит аҧсуа поетцәа ҿарацәа рлитературатә еилазаара "АШАЦКЫРА" аӡыргара.

Ражәеинраалақәа ирыҧхьоит аҧсуа литератураҿы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟала иналукаартә еиҧш иҿыцны ицәырҵыз, зхатәы бжьы зхоу аҿарацәа - Дырмит Габалыиа, Аинар Ҷыҭанаа, Адгәыр Амҧар, Бганҧҳа Шьазина, Џьыкырба Ҳаџьараҭ, Аҟалӷьба Абзагә, Шьалашьаа Алмас. Иара убас Алитературатә хәылҧазы иалахәхоит ашәаҳәаҩцәеи амузыкарҳәаҩцәеи.

Иалагоит асааҭ 15:00 рзы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений