Авторизация:

Аҧсны Ахада зыҧсҭазаара иалҵыз Вахтанг Возба иҭаацәа дрыдышшылеит

Аҧсны Ахада зыҧсҭазаара иалҵыз Вахтанг Возба иҭаацәа дрыдышшылеит
4 декабря 2020 12:01 455
Апсадгьыл-инфо, 4 декабря 2020 г.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны жәлар рартист Вахтанг Возба иҭаацәа дрыдышшылеит.

Адышшыларатә шәҟәаҿы иаҳәоит:

"Гәалсра дула срыдышшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны жәлар рартист Вахтанг Возба иҭаацәа.
Аҟаза ду иҧхара цәыӡ дууп ҳмилаҭтә культуразы.
Вахтанг Иасыф-иҧа асценаҿы иман даҽакы иаламҩашьоз иҷыдоу ихатә хаҿсахьа, ихатә цәаҩа, иҟазара иацын аамысҭашәара. Уи хореографк иаҳасабала иаҧиҵоз ақәгыларақәа лагаламҭа дуны иҟалеит аҧсуа кәашара аҿиараҟны.
Вахтанг Возба инапы алакын аҿар рааӡара. Иара ибзоураны шәҩыла ахәыҷқәа ишьҭырхит ахаан азы ирылаиаӡааз амилаҭ кәашара абзиабара.
Иҟазара ҳараки, иуаҩреи, иламыси ирыбзоураны игәалашәара лаша рзынижьит дыззааҧсоз аҧсуа жәлар.
Иԥсаҭа бзиахааит!"

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений