Авторизация:

Аҧсны Ахада дрыдышшылеит аҧсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба иҭынхацәа

Аҧсны Ахада дрыдышшылеит аҧсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба иҭынхацәа
афото: Ahmet Hapat Ceylan/Facebook
1 октября 2020 12:37 437
Апсадгьыл-инфо, 1 октября 2020 г.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дрыдышшылеит зыҧсҭазаара иалҵыз Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба иҭынхацәа.

Адышшылара ашәҟәаҿы иаҳәоит:

Аҧсны гәалсра дула ирыдыркылеит   еицырдыруа аҧсуа жәлар рхаҭарнак Џьамалаҭҭин Арӡынба иҧсҭазаара далҵит ҳәа Ҭырқәтәылантәи иааҩыз ажәабжь.    Ауаҩы лаша, зыҧсадгьыл абзиабара зыҧсҭазаара зегьы иалызгаз, уи ахьаа зхьааз, уаҵәтәи аҧеиҧш иазхәыцуаз апатриот , аҳақьым ду иҧсра цәыӡ дууп ҳмилаҭ рзы. Џьамалеҭҭин Арӡынба лассы-лассы даҭаауан иабацәа рыдгьыл, иҟәыҕареи иаамысҭашәареи ирыбзоураны аҧсуа жәлар ирзынижьит игәыбылра.

Аҧсны анапхгара рыхьӡала срыдышшылоит Џьамалаҭҭин Арӡынба иҭынхацәа, иҩызцәа, Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар зегьы. Иҧсы ҭынчзааит, аџьанаҭ гыларҭас Анцәа иаҭәеишьааит зыдунеи зыҧсахыз ҳашьа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений