Авторизация:

Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Ада Кәарҷелиа

Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Ада Кәарҷелиа
фото: Sputnik Абхазия
9 апреля 2021 19:42 1504
Апсадгьыл-инфо, 9 апреля 2021 г.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Ада Алықьса-иԥҳа Кәарҷелиа, аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

Кәарҷелиа Ада Алықьса-иԥҳа, диит мшаԥымза 15, 1970 шықәса рзы ақалақь Аҟәа, Аԥснытәи АССР.

1976 шықәса рзы аҵара далагеит Аҟәатәи 10- тәи ашьхарыуаа рышкол аҟны. 1987 шықәса рзы уаҟа аҵара далгеит.

1987 шықәса рзы дҭалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет (аԥс/сектор).

1988 шықәса рзы диасуеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет ахь, афилологиатә факультет ( аурыс сектор/Кавказтәи абызшәақәа рыҟәша).

1992 шықәса рзы Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет далгеит.

1994 шықәса рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны, аԥсуа бызшәа акафедраҿы аусура далагеит.

2018 ш. инаркны 2020 ш. аус луеит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны, аԥсуа бызшәа аметодист хада (иаԥсыуам школқәа рҿы).

2021 шықәса рзы аусура далагеит Аԥсны Ахәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аҟны, аԥсуа бызшәа методистс (иаԥсыуам школқәа рҿы).

Лырҵаратә усура ашықәсқәа ирҭакӡаны еиқәлыршәеит аԥсуа бызшәа аҵаразы еиуеиԥшым арҵагатә цхыраагӡатәқәа: «Аԥсуа бызшәа 20 урокқәа рыла» аелементартә ҩаӡара, «100 тестк актәи бызшәатә ҩаӡаразы», «20 тема аҽаршьцыларақәа рыцны», «Аԥсуа бызшәа 20 урокқәа рыла» аҩбатәи ҩаӡара, «Еицаҳҵоит аԥсуа бызшәа» арҵага шәҟәы акомплект 2 акласс азы, иаԥсыуам ашкоқәа рзы, аусура тетрадқәа, аметодикатә цхыраагӡатә шәҟәы арҵаҩцәа.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений