Авторизация:

3000 мааҭ османтус ҵла азы

3000 мааҭ османтус ҵла азы
10 ноября 2018 09:50 1719
Аҧсадгьыл-инфо, 10 2018 ш.  

Аҟәа инхо ауааҧсыра ақалақь агәҭаны аҭыҧ змаз аҵлақәа рыхҵәара азы агәынамӡара аадырҧшуеит. Дара асоциалтә ҳақәа рҿы иҵаауеит: «Иабаҟоу апрокуратура, иабаҟоу ақалақь аиҳабыра?»

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 9 2018 ш. Аекологиеи аҧсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқрратә еилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа иҳәеит ииашаҵәҟаны асасааирҭа «Интер-Сухум» ааигәара х-ҵлак шхырҵәаз. Урҭ рахьынтә ҵлак ахҵәара азин рымаӡамызт. Савели Ҷыҭанаа ауаа ргәынамӡара еиликаауеит.

«Зыфҩы хаау османтус аҧҟара азин рымаӡамызт. Егьырҭ ҩ-ҵлак ракәзар, аекологиатә експертиза азин рынаҭеит ихырҵәарц. Османтус ахьхырҵәаз азы аус апрокуратура иарҭеит, уи ҟазҵаз ахараҧса х-нызқь мааҭ рықәҵан», – иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.

Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы еиликаауеит ақалақь аҿы аҵлақәа рыхҵәаразы ари аҩыза ахараҧса шмаҷу. Уи иааннакыло маҷҩуп.

«Закәанда ихырҵәо аҵлақәа рзы ахараҧса аекологиатә експертиза ауп ишьақәзыргыло. Зегь реиҳа иҳараку ахараҧса х-нызқь мааҭ ыҟоуп. Аекологиатә усбарҭа аусзуҩцәа зегьы ирыхьӡом, аха иахьынӡаҳалшо ахылаҧшра ҟаҳҵоит», - иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений