Авторизация:

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ иҭыҧ аанижьит

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ иҭыҧ аанижьит
фото: Sputnik Абхазия
22 августа 2018 14:31 3662
Аҧсадгьыл-инфо, 22 2018 ш.  

Витали Габниа иусура шаанижьуа атәы иҳәеит август 22 рзы имҩаҧигаз апресс-конференциаҿы.

Аҧсадгьыл-инфо, август 22 2018 ш. Аҧсны ахада иусеилыргараҿы ари ажәабжь атәы раҳаит аинформациатә–массатә хархәагақәа рыла. Дара рахь Аҳәынҭқарарра ахада иҩыз арзаҳал ҳәа акагьы нарымгац.

Sputnik Аҧсны ишаанацҳауа ала, иҳаҩсыз аҧсшьара мшқәа рзы Витали Габниа дызлахәыз аисра ашьҭахь иара иҭыҧ аанижьуеит.

«Аӡәырҩы ишәаҳахьеит иҟаз аибапҟара атәы. Уи атәы салацәажәар ахәҭоуп ҳәа исыҧхьаӡоит. Хәҩык ауаа ҳаицәажәон, ацәажәара хьанҭан. Аицәажәара ашьҭахь, аӡәы дҩагылан, сышьҭахь ала днеины, схы абокалла дасит. Сара сыпату сыхьчарц азы сҭыҧ аансыжьыр ауп. Уи зынӡаск аполитика иадҳәалаӡам», - иҳәеит Витали Габниа.

Витали Габниа Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩыс далхын август 24 2014 шықәса рзы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений