Авторизация:

Валери Кәарҷиа: Владислав Арӡынба анефт даҿагылаӡамызт

Валери Кәарҷиа: Владислав Арӡынба анефт даҿагылаӡамызт
Афото: амедиа-клуб «Аҧсны.иахьа»
21 февраля 2019 10:16 1082
Апсадгьыл-инфо, 21 февраля 2019 г.  

Аҧсны анефт аҵхра акәша-мыкәша иҟоу азҵаарқәа ирызкыз Жәлар реизара аилак инарҭбаау аилатәараҿы Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы ари азҵааразы игәаанагара иҳәеит.

Иара иазгәеиҭеит ажәлар зегьы ргәаанаара зҵаарак азы еиқәшәо ишыҟамло.

«Иахьа анефт аҵхра аҭаху иаҭахыму ҳәа ажәлар еизганы ҳразҵаар, ажәлар нибарҵәоит. Аҧсыуак дыҟанаҵы ааи ҳәа еицырҳәараны иҟаӡам. Аӡәы мамоу, аӡәы ааи иҳәоит. Ас иҟоуп аҧсҭазаара. Уи ҳара ҳҿы мацара акәӡам», - азгәеиҭеит Валери Кәарҷиа.

Иазгәеиҭеит иаргьы уаанӡа анефт аҵхра дшаҿагылаз, даҽакала Аҧсны аекономика ашьҭыхразы агәыӷра шимаз.

«Саргьы ахәбатәи ааҧхьараҿы сыҟан депутатс, саргьы мап ацәыскуан. Ус сгәы иаанагон, аҧхьаҟа џьара ҳахшыҩ еилаҵаны, ҳекономика ҳзышьҭыхуазар ҳәа, Урыстәыла ацхыраара ҳхы иархәаны. Аха ус агәыӷра иахьа иҟамшәа сгәы иабоит. Анефт ҳадгьыл аҿы иҟазар, ицәырҵзар, амшын аҿы иҟазар, уи амшын атәы ҳацәшәоит, ииашан ҳацәшоит, аха адгьыл аҿы изыҵҳамхуеи?», - дазҵаауеит Валери Кәарҷиа.

Иара иҳәоит Аҧсны аҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба анефт аҵхра даҿагылан ҳәа иҟоу ацәажәарақәа шиашам.


«Владислав Арӡынба иахьа, иҧсаҭа бзиахааит, иара рхы иқәкны ус рҳәоит: мап икит, избанзар, аекологиа бжьнахуеит ҳәа. Ус иҟаӡамызт. Са сахаануп, ахәыҷқәа реиҧш дгәырӷьаҵәа, агәаҟра ҳанҭагылаз, уахыки-ҽнаки жәа-тоннак абензин аҵхра азы аҭагылазаашьа ыҟоуп ҳәа агәра анига, ҩ-напык рыла абри далагеит. Ашьҭахь иҟалаз иахаану ижәдыруеит. Сара ишәасҳәоит. «Премиер-министрс дыҟан Ҳаџьым Рауль Џьумка-иҧа, Москваҟа дишьҭын, уахь аиҿцәажәарақәа дырҿын. Ара, уашьҭа аҵхрахь аус ааигәахо, ахы шхо анырба, уа ахылаҧшра аҟаҵара зҭаххаз ҟалеит, уа адолиа ақәтәара зҭаххаз ҟалеит, сара сҧарақәа аибашьра аан иаласҵеит, сара изгароуп, саргьы уахь салалароуп иҳәеит. Хыла-гәыла еилалеит. Ателефон дасит Москваҟа, икажьны арахь уаа, ҳажәлар ҳцәеилалоит ҳәа», - игәалаиршәоит Валери Кәарҷиа анефт аҵхра азҵаара заанкылахаз.

Иазгәеиҭеит усҟан, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан аамҭақәа шыбааҧсыз, аха иахьа уи азҵаара даҽакала ахәаҧшра шаҭаху.

«Рабџьарқәа рыманы, ауаа раӷәра рҿыҵны иҟан, аха аамҭақәа рҽырыҧсаххьеит. Кыр рҽырыҧсаххьеит. Убри аҟынтә анефт ыҟаҵәҟан иҟазар, аҵхра аҭахуп ҳәа исыҧхьаӡоит, са сакәым ҳажәлар зегьы ирыҧхьаӡозар ҟалап, аха, иаҵоу ауп абра ҳзырцәажәоу. Сара изҳәогьы агха сымазар ҟалоит, исзеилымкаар ҟалоит, аха ара итәоу шәымч, шәыхшыҩ азхартә иҟоуп уи аилкааразыҳәа. Аҳәынҭқарра ҳазхәыцуазар, ҳауаажәлар рразҟы ҳазхәыцуазар, ҳнеидтәалан, ишахәҭоу Аҧсны иахәозар, ҳажәлар рыбӷа арӷәӷәуозар, анефт ыҵаҳхып», - иҳәеит Валери Кәарҷиа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений