Авторизация:

Урыстәылатәи авизатә центр аартхоит Қарҭ

Урыстәылатәи авизатә центр аартхоит Қарҭ
16 августа 2018 12:29 1485
Аҧсадгьыл-инфо, 16 2018 ш.  

Ацентр аартра хықәкыс иамоуп Урыстәылаҟа ацаразы идҵаало Қырҭтәылеи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ртәылауааи, атәылауаҩра змам ауааҧсыреи рымаҵ аура аиӷьтәра.

Аҧсадгьыл-инфо, август 16 2018 ш. Урыстәылатәи авизатә центр Қарҭ иаартхоит август 17 рзы.

Абри атәы аанацҳауеит асаит news.ru.

Урыстәылатәи авизатә центр аартра авиза заурц зҭаху рзы иманшәалахоит, иахьыдҵаалаша 16 ҧенџьыр аус рыулоит. Абри атәы аҳәоит Қырҭтәыла иҟоу Швеицариатәи ацҳаражәҳәараҿы Урыстәыла аинтересқәа ирзку асекциа асаит аҿы.

«Известиа» излаанацҳауа ала, уаанӡа, Урыстәыла аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Григори Карасин аҳәамҭа ҟаиҵахьан Қырҭтәылеи дареи рыбжьара авиза аҧыхра Москва шазхиоу, аха убри азы атерроризм иаҿагыланы ақәҧаразы аҩ-ҳәынҭқаррак аусеицура бзиа рыбжьазар шаку.

Уи адагьы, Урыстәылеи Қырҭтәылеи русеицура аруадаҩуеит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ахьрыбжьам. Урыстәыла Аҧсни Алада Уаҧстәылеи аназханаҵа ашьҭахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа Қырҭтәыла иааннакылеит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений