Аҧсадгьыл-инфо, 26 2021 ш.
Иахьа Москва имҩаҧысит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Козаки реиҧылара.
Ирылацәажәан Аҧсны-Урыстәылатәи аусеицзура иазку азҵаатәқәа жәпакы, ҷыдала, 2022-2025 шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә аҿиара иазку азҵаарақәа.
Аиҧылара иалахәын Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Валери Папба, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.