Авторизация:

АЕ «Аиҭаира»: Утәа, Витали, хәба!

АЕ «Аиҭаира»: Утәа, Витали, хәба!
28 августа 2018 13:22 3224
Аҧсадгьыл-инфо, 28 2018 ш.  

Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа иусура ахьаанижьыз азы «Аиҭаира» акомментари.

Аҧсадгьыл-инфо, август 28 2018 ш. Витали Габниа ипресс-конференциаҿы иаартны ицәажәарақәа акомментари рзыҟаҳамҵар амуит», - аҳәоит Ауаажәларратә еиҿкаара «Аиҭаира» аҳәамҭаҿы.

«Рыцҳарас иҟалаз, ииҳәаз аиҳарак аилкаара уадаҩуп, еилкаауп Витали Габниа ипресс-конференциаҿгьы ихҭысыз даара анырра шыҟанаҵаз», - аҳәоит акомментари аҿы.

«Аиҭаираа» зҭыҧ аанзыжьыз ачынуаҩ иажәақәа агәҭынчымра рызцәырнагоит.

«Аҳәынҭқарраҿы аҩбатәи ахаҿыс иҟаз Витали Габниа иаахтны иҳәеит «зегьы ирҭаху ахьыҟарҵо, амҩаду уаа аиҳабыра рҿы иахьыҟоу асистемаҿы азакәан инақәыршәаны инхо ауаҩы дышхьысҳахоу», - аҳәоит «Аиҭаира» аҳәамҭаҿы.

Дара иазгәарҭоит Витали Габниа ихатәы проблемақәа аниоу шакәу иусура анаанижьыз.

«Маи 27 2014 шықәса рышьҭахь амҩаду уаа аҳәынҭқарраҿы аҧыжәара ахьыргаз Витали Габниа ҧшьышықәса хьаас имамызт. Уи акуӡам иара иусура заанижьыз. Изыӷрагылаз Аконституциеи, ауаа рҭагылазаашьа аицәахареи ракуӡам хьаас иоуз. Иара иусура ааныжьра абзоурахеит ихы абокал анақәшәа», - аҳәоит акомментари аҿы.

«Аиҭаираа» ргәы иаанагоит ари ахҭыс иабзоураны иара иҟоу аиаша абара ицәыуадаҩхазар ауеит ҳәа. Иара ауаа ацәиршәоит аиҳабыра рахҳәара ҟалаӡом, мамзар аҳәынҭқарра ыҵазырбго амчрақәа уахь инеир алшоит ҳәа. Усҟан, иара иажәақәа рыла, адәныҟатәи ахагылара ҳмоур, уи аҭагылазаашьа алҵра уадаҩхоит.

«Иаанагои адәныҟатәи ахагылара? Дарбан уи ҟазҵарц згәы иҭазкыз? Агәаанагара узцәырҵуеит ас зҳәо ауаҩы ихаҭа адәныҟатәи ахагылара имоуп ҳәа», - азгәарҭоит «Аиҭаираа».

Дара ражәақәа рыла, арҭ азҵаарақәа рҭак Витали Габниа иҟынтәи ауаажәларра ираҳарц иҟаӡам.

«Ухы анудыруа – акыр аҵанакуеит. Маитәи ахҭысқәа рышьҭахь ҧшьышықәса рыҩныҵҟа аоппозициа аҟынтәи аӡәгьы илымшац иахьатәи аиҳабыра ас еиҧш ахәшьара рыҭара, уи илшеит Витали Габниа. Ишырҳәо еиҧш, утәа, Витали, «хәба!» - аҳәоит акомментари аҿы.

Акомментари атекст: https://apsadgil.info/opinions/comments/kommentariy-oo-aytayra-k-otstavke-vitse-prezidenta-v-gabniya...

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений