Авторизация:

Омар Џьынџьал ДНР алхрақәа рзы: «Алхырҭатә ҭыҧқәа рҿы илахҿыхран»

Омар Џьынџьал ДНР алхрақәа рзы: «Алхырҭатә ҭыҧқәа рҿы илахҿыхран»
12 ноября 2018 08:34 1282
Аҧсадгьыл-инфо, 12 2018 ш.  

Ноиабр 11 рзы ДНРи ЛНРи ареспубликақәа рхадацәа ралхреи адепутатцәа ралхреи мҩаҧысит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 12 2018 ш. Алхрақәа жәларбжьаратәи ахылаҧшцәа раҳасабала ареспубликақәа рҿы иҟоуп Жәлар реизара адепутатцәа Омар Џьынџьал, Дмитри Дбар, Алмасхан Арӡынба, Асҭамыр Логәуа.

«Зегьы еиҿкаарала имҩаҧган. Ауаа ргәалаҟаны абжьыҭира инеиуан. Аҭагылазаашьа 80-тәи ашықәсқәа сгәаладыршәеит. Алхырҭатә ҭыҧқәа рҿы илахҿыхран, ашәа рҳәон, икәашон, ахәыҷқәа еицлабуан, аиармаркақәа ыҟан. Избаз даара агәахәара снаҭеит», - иҳәеит Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы алхрақәа ахылаҧшҩыс иҟаз адепутат Омар Џьынџьал.

Зынӡа ДНР имҩаҧысуа алхрақәа ирхылаҧшуеит 14 ҳәынҭқарра рҟынтәи анаҧшцәа – Урыстәыла, Италиа, Франциа, Австриа, Бырзентәыла, Бельгиа, Норвегиа, Германиа, Финлиандиа, Нидерланды, Чили, Ҭырқәтәыла, Аҧсны, Алада Уаҧстәыла.

ДНР алхрақәа рҿы миллиоки 600 нызқьи алхыҩцәа рыбжьы рҭиит.

Иҟоу аинфлормациа ала, алхрақәа рҽы аҧыжәара имоуп уажәы ареспублика ахада инапынҵақәа назыгӡо Денис Пушилин. ЛНР убас аҧыжәара имоуп уажәы ахадас иҟоу Леонид Пасечник.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений