Авторизация:

Аҳәынҭқарра ахьчаразы амилаҭтә ҵысра: аиҳабыра рхымҩаҧгашьа Аҧсны аҳәынҭқарра алахьынҵа ашәарҭара иҭанаргылоит

Аҳәынҭқарра ахьчаразы амилаҭтә ҵысра: аиҳабыра рхымҩаҧгашьа Аҧсны аҳәынҭқарра алахьынҵа ашәарҭара иҭанаргылоит
27 августа 2018 16:00 2966
Аҧсадгьыл-инфо, 27 2018 ш.  

Имҩаҧган Аполитикатә партиа «Амцахареи», Ауажәларратәи аполитикатәи еиҿкаарақәеи, Аоппозициатә блок иалоу амчрақәеи, адепутатацәа гәыҧҩыки реилацәажәара.

Асҧадгьыл-инфо, август 27 2018 ш.  Аҳәынҭқарраҿы иҟоу акризистә ҭагылазаашьа иалацәажәон. Иазгәаҭан аиҳабыра рхымҩаҧгашьа Аҧсны аҳәынҭқарра алахьынҵа ашәарҭара ишҭанаргыло.

Аиҧылара иалахәыз еиҿыркааит Аҳәынҭқарра ахьчаразы амилаҭтә ҵысра. Уи иалоу рус еицымҩаҧгаразы ҧаса аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩыс иҟаз Михаил Логәуа дызхагылаз аштаб еиҿкаан.

«Аҳәынҭқарра акризис алгареи, аекономикатәи асоциалтәи ҿиареи ирызкуп аҵысра аиҿкаара. Ари ахықәкы ҳажәлар еидымгылакәа нагӡашьа амаӡам. Ҳара ҳҭоурых иунарбоит ажәлар анеиҟәшаз шаку атрагедиатә ҟазшьа змаз ахҭысқәа аныҟалоз, ианеизакыз – иреиӷьу алҵшәақәа рахь ҳкылыргон», - аҳәоит ааҧхьараҿы.

Ааҧхьара авторцәа ргәаанагарала, 2004 шықәса раахыс иҟоу аиҟәшара Ҳаџьымба ихьӡ иадҳәалоуп.

«Иаахтны иаҳҳәоит Рауль Ҳаџьымба аполитикаҿы дцәырҵиижьҭеи шаку ҳаиҟәшара ианалагаз. 2004 шықәса рзы аҳәынҭқарра ахадаразы раҧхьатәи альтернативтә алхрақәа ихы анрылаирхәы ашьҭахь, урҭ ҳкылыргеит иуадаҩыз аҭагылазаашьахь, ҳагьалҵит Урыстәыла иҟоу Аҧсны аҩызцәа рыбзоурала. Анаҩстәи дызлахәыз алхрақәа рҿы даҵахон, урҭ зегьы раан иаҭах ажәлар аиҿагылара аҟынӡа инеиуан. Убри азы, иара аполитика аанижьаанӡа ҳауаажәларраҿы ҭынчра зыҟалом ҳәа ҳахәаҧшуеит», - аҳәоит Аҳәынҭқарра ахьчаразы амилаҭтә ҵысра аҳәамҭаҿы.

Иааиуа амшқәа рзы иҟалараны иҟоуп аштаб аиҳабы Михаил Логәуа ипресс-конференциа. Уаҟа иара Аҳәынҭқарра ахьчаразы амилаҭтә ҵысра апланқәа дырзааҭгылоит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений