Авторизация:

Адепутатцəа: ачынуаа мап зцəыркыз атəылауаа апарламент ҧсеивгаха арҭом

Адепутатцəа: ачынуаа мап зцəыркыз атəылауаа апарламент ҧсеивгаха арҭом
27 июля 2018 15:05 2728
Аҧсадгьыл-инфо, 27 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, иул 27 2018 ш. Ачынуаа мап зцəыркыз атəылауаа апарламент ҧсеивгаха арҭом. Абри атəы рҳəеит Жəлар реизара адепутатцəа апресс-конференциаҿыазакəанҧҵаратəи анагӡаратəи мчрақəа русеицура иазкны ажурналистцəа рызҵаара аҭак ҟаҵо.

«Ҳара ҳкомитет, егьырҭ акомитетқəа реиҧш, атəылауаа апарламент ҧсеивгаха арҭом. Аҽаџьара адгылара анырмоулак, ргəаҟрақəа рыманы ҳара ҳахь иааиуеит.  Аамҭа хьанҭақəа зегьы ишырныруа деилыркаара уадаҩуп. Амамзаара иарҿио асоциалтə еибарххара иазҳауанаҵы, сгəы иаанагоит, апарламент иадҵаало атəылауаа рхыҧхьаӡара иацлалоит», - иҳəеит асоциалтə политикеи, аџьеи, агəабзиарахьчареи, адемографиеи рзы Жəлар реизара акомитет ахантəаҩы Алхас Џьынџьал.

Дмитри Дбар иажәақәа рыла, еиҳарак ауаа апарламент ахь инеиуеит ацəгьоура иазку апроблемақəа рыӡбарази, амедицинатəи аматериалтəи цхыраара аҳəарази.

«Иахҭахуп ачынуаа иаҳа иаартызарц ауаа аус рыдулараҿы, ҧынгыла рымамкəа дара рахь инеины рпроблемақəа рыӡбаларц. Ачынуаа ауаа ма ирыдыркылаӡом, ма рыцхраара мап ацəыркуеит. Усҟан апарламент ауаҩы идгылоит, анагӡаратə мчы  аҟынӡа иаҳəара наӡарц», - иҳəеит Дбар.

Адепутат Алхас Џьынџьал агəазыҳəара ааирҧшит, анагӡаратə мчы ахаҭарнакцəа апарламент ахь имҩахыҵларц абиуџьет ианалацəажəо адагьы.

Жəлар реизара ахантəаҩы ихаҭыҧуаҩ Левон Галустиан иазгəеиҭеит, азакəанҧҵаратəи анагӡаратəи мчрақəа русеицура аҭыҧ шамаз дызлахəыз  апарламент V ааҧхьараҿы.

«Зегьы анеилукаауа аиҿырҧшраан ауп. 2018-тəи ашықəс абиуџьет ҳаналацəажəоз аусура ду мҩаҧган анагӡаратə мчра ахаҭарнакцəа алархəны. Уи аганахьала исҳəар сылшоит аимадара ыҟан ҳəа», - азгəеиҭеит иара.

Ажурналистцəа Алхас Џьынџьал игəаладыршəеит, адепутат иалхрақəа раан ишиҳəахьаз «Агəабзиарахьчаразы» азакəан иаларгараз ачырбгара алзмыршо аиҭакрақəа аҧихырц ишҽазишəо.

«Макьана апарламент аҩныҵҟа уи аҵыхəала ҳзеиламцəажəеит», - иаахтны иҳəеит Џьынџьал.

Иара иажəақəа рыла, Агəабзиарахьчара аминистрра аҟынтə имаац иаҭаху аҳəара, адепутатцəа рыҩныҵҟагьы адгылара имам, уи арҵабыргит имҩаҧысуаз апресс-конференциагьы.

«Сара «Агəабзиарахьчаразы» азакəан иаларгалаз ачырбгара алзмыршо аиҭакрақəа срыдгыланы сыбжьы сҭиит. Жəлар реизара аилатəараҿы урҭ аиҭакрақəа аҧыхразы ажəалагала ҟалар, исҳəахьаз сацəхьаҵуам, абжьыҭираа  аан «мап» сҳəоит», - азгəеиҭеит адепутат Левон Галустиан.

Галустиан жəабжь ҿыцны аӡбаху иҳəеит, Жəлар реизара аилатəараҿы иул 26 рзы ирыдыркылаз «Аҧсны атəылауаҩразы» азакəан иаларгалаз аиҭакрақəа.

«Аҧсны атəылауаҩразы» азакәан ҿыц 2005 шықəсазы амчра аиуит. 2016 шықəсазы аҧсуа паспортқəа рыҧсахра ианалага, еиуеиҧшым апроблемақəа цəырҵит. Апарламент ганха изаанымхеит. Анагӡаратəи азакəанҧҵаратəи мчқəа русеицура иабзоураны азакəан иалагалан аиҭакрақəа, аҧсуа паспортқəа рыҧсахра аан ауадаҩрақəа рызцəырымҵырц Аҧсны атəылауаа», - иҳəеит Левон Галустиан.

Жəлар реизара ахантəаҩы ихаҭыҧуаҩ иазгəеиҭеит, апарламент ааҧынтəи асессиа иҭагӡаны ишрыдыркылаз 40 закəан рахь аиҭакрақəа, хыҧхьаӡара рацəала ақəҵарақəа, ишеиҿыркааз еиуеиҧшым азҵаарақəа рыҭҵааразы аусуратə гəыҧқəа.

Жəлар реизара адепутатцəа иул 26 инаркны аҧсшьара ицеит. Ҭагалантəи асессиа аусура иалагоит сентиабр 6 рзы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений