Авторизация:

Беслан Ешба: "Анагӡаратә мчра аус аназымуа, аиҳабыра рамхра – ари иацтәи мшуп"

Беслан Ешба: "Анагӡаратә мчра  аус аназымуа, аиҳабыра рамхра – ари иацтәи мшуп"
11 июля 2018 16:43 2066
Аҧсадгьыл-инфо, 11 2018 ш.  

Аконституциатә реформақәа ирызку аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи злаху аилацәажәарақәа мҩаҧнагоит Аполитикатә партиа «Аҧсны». Иул 9 рзы еиҿкааз астол гьежь иалахәын «Амцахара», «Иаку Аҧсны», «Аинар», Акоммунисттә партиа, «Аҳәса аполитикаҿы», «Аҧсадгьыл», «Аҧсҳара» рхаҭарнакцәа.

Аҧсадгьыл-инфо, иул 12 2018 ш.  Иҟаз аконсультациақәа рҿы излацәажәоз атәы ҳаиҳәеит ААЕ «Аҧсадгьыл» аиҿкааҩ Беслан Ешба.

Иара иазгәеиҭеит 2015 ш. рзы аиҳабыратә структурақәа рыбжьара амчра аихшаразы аконституциатә закәанқәа аҧсахрақәа рылагаларазы ААЕ «Аҧсадгьыл» аҿы апроектқәа шаздырхиаз, урҭ шнагаз Жәлар риезиарахь, аха ахаҵгылара шыррмоуз.

Беслан Ешба иҳәеит уажәтәи аицәажәара иалахәыз Аминистрцәа реиалзаара ахантәаҩы Жәлар реизараҿы иалхра иашоуп ҳәа ишырыҧхьаӡо. Убри аан иазгәарҭеит адепутатцәа ралхраан еилаҧсоу асистема рхы ишархәатәу, мамзаргьы, зынӡа апартиақәа рхаҭарнакцәа рыла Жәлар реизара шьақәгылазарц.

Уи азы Беслан Ешба ихатә гәаанагара имоуп. Иара иҳәеит Жәлар реизараҿы иҟоу апартиа ахаҭарнакцәа аҧыза-министр далырхыр, уи анагӡаратә мчра деиҳабны дшыҟало.

«Аиҳабыра рышьақәырӷәӷәараан аҧыза-министр Жәлар реизараҿ апартиақәа далырхуеит, уи алагьы иара аҳәынҭқарра ахада иусқәа инапы ианаҳҵоит, мамзаргьы, Жәлар реизараҿы аҧыза-министр далҳхуеит, аҳәынҭқар ианигәаҧхо аҧхьатәара дишьҭырц азы», - иҳәеит Беслан Ешба.

Иара иазгәеиҭеит амчра аихшаразы «Аҧсадгьылаа» даҽа проекткгьы шаздырхиаз. Уаҟа иарбоуп аҳәынҭқарра ахада имчра ашьақәырӷәӷәара, Аминистрцәа реилазаареи аҧыза-министри рыда.

«Аҳәынҭқарра ахада, уи ихаҭыҧуаҩ, Жәлар реизараҿы ишьақәдырӷәӷәо аминистрцәа, урҭ русура ахылаҧшра арҭалоит аҳәынҭқарра ахада, уи ихаҭыҧуаҩ, аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа аиҳабы», - иҳәеит Беслан Ешба.

Иара игәаанагарала, ас еиҧш иҟоу асистема абзиарақәа иамоу рацәоуп.

«Аусқәа реиҿкааразы иаҧҵахоит иаку аусбарҭақәа. Аминистрцәа зегьы дара рхырхарҭақәа рыла аусқәа реиҿкаараҿы аҭакҧхықәра рыдлоит. Дара Жәлар реизараҿы шықәсыкахь ҩынтә русура атәы иалацәажәалароуп. Ари асистема мариоуп, уажәы еиҧш абиурократиатә ҟазшьа аиоуӡом. Уажәазы Аминистрцәа реилазаараҿы аппарати аҳәынҭқарра ахада иусбарҭеи русқәа еиҧшуп, иҟарҵо еицыҟарҵоит»,- иҳәеит Беслан Ешба.

Убас иара аҳәынҭқарра ахада ажәлар зегьы далырхуазар, имоу амчра ӷәӷәазар ауп ҳәа игәы иаанагоит. Иахьатәи аҳәынҭқарра аусбарҭақәа русура амцхә ихьанҭацәоуп ҳәа дахәаҧшуеит.

«Аконституциа анрыдыркылоз, аҳәынҭқарратә усбарҭа асистема анышьақәдыргылоз зегьы ирдыруан аҳәынҭқарра ахада зегьы шииӡбоз. Анагӡаратә мчра аус аназымуа, аиҳабыра рамхра – ари иацтәи мшуп. Ари амҩала ацара иашаӡам. Ҳара ҳҳәынҭқарра рҿиатәуп. Ахырхарҭақәа рҿы конкретла аҭакҧхықәра зду ауаа аус руазар ауп», - иҳәеит Беслан Ешба.

ААЕ «Аҧсадгьыл» аиҿкааҩ игәы иаанагоит иахьазы еиҳарак анагӡаратә мчра асистема аҧсахра иалацәажәатәуп ҳәа, азакәанҧҵаратә мчра акәзар, уаҟа аиҭакрақәа Жәлар реизарахь ҿыц алхрақәа аныҟало аламҭалазы алагалара алшоит ҳәа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений