Авторизация:

Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит
26 августа 2022 09:15 610
Аҧсадгьыл-инфо, 26 2022 ш.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит:

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар,
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш. 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев зхы иақәиҭу, ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара аиашара иадгыланы, агәаӷьра ду аарԥшны иҟанаҵаз ашьаҿа.
Абри амш инаркны ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рыԥсҭаазараҟны аамҭа ҿыц алагеит. Хьӡы-ԥшала, фырхаҵарыла ианысит Аԥсны жәлар уи аамҭа ҿыц ахь инагаз амҩа.  
Иахьа иҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп ари амш ҳзаазгаз зегьы хаҭа-хаҭала, ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз.

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, сара агәра згоит иахьагьы аӡәк еиԥш ҳаидгыланы ҳ-Аԥсны арҿиара, аизҳазыӷьара шалҳаршо.
Ари аныҳәа ду аҽны Аԥсны иқәынхо ҳажәлар зегьы ирзеиӷьасшьар сҭахуп аҭынчра, анасыԥ, ахирра.
Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений