Аҧсны аиҳабы дамаӡам, абри ауп абра рыцҳарас иҟоу. Абас иҳәеит Аҧсны ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа Очамчыра араион ауаажәларра данырҧылоз, иахьатәи аиҳабыра рзыҳәа уқәҧаҩызар ашәахтәқәа удыршәаӡом ҳәа изынарышьҭыз азҵаара аҭак ҟаҵо.
«Ҳара аусҭҵаара ҳаҿым, аха аҭагылазаашьа ус иҟаҵәҟоуп. Акредит дара аиҳабыра иадгылоу иргар ауеит, ашәахтә рымшәар ауеит, аҭакҧхықәра аӡәгьы дақәдыршәаӡам, аӡәгьы идҵаӡам. Аконтроль ыҟаӡам Аҧсны. Аҧсны аиҳабы дамаӡам, ари ауп абра рыцҳарас иҟалаз», – иҳәеит Алхас Кәыҵниа.
Ахадарахьы акандидат иҳәеит азаукәан аҿаҧхьа зегьы еиҟаразар шакәу.
«Азакәан аус аур ауп зегьы рзы, Аҧсны дафырхаҵоума, дафырхаҵамума, дазусҭазаалакгьы рзы. Дуҭынхазаргьы, ухаҧыцқәа ааихарӷәӷәаны, азакәан ишақәнаго дақәыршәароуп. Убри ада ҧсыхәа ҳамаӡам Аҧсны», - азгәеиҭеит Алхас Кәыҵниа.
Ицәажәоз ауаа ргәы иаланы ирҳәон Сергеи Шамба, Виачеслав Чрыгба, Алхас Кәыҵниа, Беслан Ешба рҩызцәа Аҧсны иахьа аус ахьырымуа.
«Ҳара ҳус ҳаздырӡомыз, убри азыҳәа ҳамырхит», - иҳәеит Алхас Кәыҵниа длафны.
Иара иазгәеиҭеит зус здыруа ауаа, изыдгылазаалакгьы, рдырра рхы иадырхәар шакуу аҳәынҭқарра аиҳабыра рҿы иҟоу.
«Аилыхра аҟаҵара аҭахӡам. Аилых ауп ҳара ҳаҵазырбга. «Дара», «ҳара» ҳәа ицәажәоит Ааҧсны аҳәынҭақрра ахадара. Амитингқәа аныҟо, дара ара игылоуп, ҳара ара ҳаҟоуп ҳәа дцәажәоит. Ас дцәажәар ауама аҳәынҭқарра ахада? Аполитика даҿуижьҭеи ауаа реилыхра ауп дызҿу, ауаа еиҿазыргылаз иара иакәӡами? Аиҳабыра аҩналара ҩ-минуҭқ роуп иаҭаху, аха аҩналара ада акы уазхәыцроуп, аҳәынҭқарра аҧеиҧш уазхәыцуазароуп, уи дара азхәыцӡомызт. Иахьа иаабеит ус шакуз», - азгәеиҭеит Алхас Кәыҵниа.
Иара иҳәеит август 25 рзы аҭагылазаашьа арҽеиразы алшара шрымоу ажәлар.
«Закәанла, саркьаҧҽрада,шәыҧҽрада арҽеира ауеит аҭагылазаашьа. Хәынтә роума дықәгылахьаит. Шәыҧҽрада дзыҩналаӡомызт уа ахаан. Зныкыр ӡәыр идиныҳәалахьазма аиааира? Ԥшьышықәса аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩыс дтәан, нас алхрақәа анааи аҳәынҭқарраҿ иҟоу сгәаҧхаӡом ҳәа дцеит. Уи аамҭазы аума ианеиликаа, аҳәынҭқарра иахагылоу аиашара шыҟаимцоз? Уи ҳҳәаӡом ҳара. Аиаша ҳҳәаӡом, избанзар, ҳшәоит. Ҳашшәоз Аҧсны анышә иаҳҭарц акагьы ҳагӡам. Ашәара аҭахӡам, аҿагылара аҭахуп», - иҳәеит Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат.