Авторизация:

Август 26 – Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара

Август 26 – Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара
26 августа 2018 10:01 1908
Аҧсадгьыл-инфо, 26 2018 ш.  

Дмитри Медведев: «Ари имариам усуп, аха уи ак ауп ауаа рыҧсҭазаара еиқәзырхо».

Август 26 2008 шықәса рзы Уыстәыла ахада Дмитри Медведев Аҧсни Алада Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵаразы аусҧҟа инапы аҵаиҩит.

«Аҧсуа жәлар илырхыз амҩа инақәыршәаны, Аҧсны Ареспублика ихьыҧшыму ҳәынҭқарроуп ҳәа иазхаҵазааит», - аҳәон аусҧҟа.

Аҽны иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит:


«2008 шықәса, август 8 ауха Қарҭаа иҟарҵеит рхатәы лкаақәа. Саакашвили иполитикатә анагӡаразы агеноцид амҩа ылихит. Убри ала иара ауаҧсқәеи, аҧсуааи, ақырҭқәеи ҳәынҭқаррак аҟны реицынхара алыршахап ҳәа агәыӷра аҵыхәа ҧиҵәеит. Алада Уаҧстәылеи Аҧсни рыжәлар изныкымкәа ареферендумқәа рҿы ахьыҧшымра амҩа ишану рҳәахьан. Ҳара елаҳкаауеит Цхинвал иҟалаз анаҩс, Аҧсны иҟаларан иҟаз ашьҭахь дара рхала рлахьынҵа аӡбара азин рымоуп.

Ареферендумқәа рҿы ирыӡбази Апарламентқәа ирыдыркылази рышьҭахь Алада Уаҧстәылеи Аҧсни рхадацәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит рҳәынҭқаррақәа азхарҵарц азы. Афедерациа Асовети Аҳәынҭқарратә Думеи урҭ ааҧхьарақәа ирыдгылеит.

Иҟоу аҭагылазаашьа гәаҭаны, аӡбамҭа адкылара аҭахуп. Ауаҧс жәлари аҧсуа жәлари ргәаҳәарақәа гәаҭаны, ООН аҧҟаҧҵа, 1970 - шықәсазтәи жәларбжьаратәи азин адекларациа , 1975 шықәсазтәи Хельсинктәи СБСЕ акт, егьырҭ жәларбжьаратәи адокументқәа инарықәыршәаны, Алада Уаҧстәылеи Аҧсни рхьыҧшымра азхаҵаразы Аусҧҟақәа снапы рыҵазҩит.

Егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ҳаӡбамҭа иадгыларц ааҧхьара ҟаҳҵоит. Ари имариам усуп, аха уи ак ауп ауаа рыҧсҭазаара еиқәзырхо».

Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара амш аполитикцәа иргәаладыршәоит

Аҧсны Жәлар реизара III, IV ааҧхьара аиҳабы Нугзар Ашәба игәалаиршәоит иара азхаҵара шыҟалоз ирыларҳәаанӡа мчыбжьык аҧхьа ишидыруаз. Уи атәы еиҳәеит Сергеи Башаҧшь.

«Хымш-ҧшьымш шыбжьаз ҳара ааҧхьара ҳарҭеит Афедерациа Асовети Аҳәынҭқарратә Думеи рахь, уаҟа Сергеи Уасил-иҧа дықәгылон. Ишыжәдыруа еиҧш, Афедерациа Асоветгьы, Адумагьы Аҧсни Алада Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵаразы еицҿакны рыбжьы рҭиит.

Ҳара Москвантәи ҳааит август 26 рҽны. Сергеи Уасил-иҧа икабинет ҳааҩналон еиҧш Дмитри Медведев иҳәамҭа алагеит. Ииҳәаран иҟаз шыздыруазгьы, иҳәаны даналга ашьҭахь жәабаҟа минуҭ сшьара сзықәымлеит. Аҧсны уи аҽны иҟаз зегьы ижәдыруеит».

Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыҧуаҩыс иҟаз Михаил Логәуа игәалашәоит уи аҽны иҟаз ҳәаа змамыз агәырӷьара. Иара усҟан Гулрыҧшь араион ахадас дыҟан.

«Дмитри Медведев иқәгылара сколлегацәеи сареи администрациаҿы ҳахәаҧшуан. Иҳаҳаз иузеиҭамҳәо ацәаныррақәа ҳазцәырнагеит. Аспортсменцәа ирырҭоз акубокқәа скабинет аҿы иқәгылан, урҭ ашампан ҩы ҭаҭәаны инаҳкылон – Сергеи Уасил-иҧа, Медведев, Путин рыхьӡала, аҧхьаҟа аҧсҭазаара бзиа азы. Анаҩс ҳааит Аҟәаҟа. Зегьы насыҧ змаз уаан, ҳаизааигәан. Аибашьра ашьҭахь ас еиҧш ауаа анеизыҟаз сгәалашәом. Уажәы ус еиҧш аизыҟазаашьақәа ҳацәмаҷуп», - иҳәоит Михаил Логәуа.


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений