Авторизация:

Аусура иалагеит IX Аҧсны-Урыстәылатәи аусутә форум

Аусура иалагеит IX Аҧсны-Урыстәылатәи аусутә форум
12 октября 2018 11:40 1692
Аҧсадгьыл-инфо, 12 2018 ш.  

Афорум Аҧсни Урыстәылеи 10 шықәсатәи русеицура ахшьаала ҟанаҵоит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 12 2018 ш.  «Аҧсны-Урыстәыла: 10 шықәсатәи аусеицура, ақәҿиарақәеи аҧхьаҟатәи аперспективақәеи» захьӡу апленартә еилатәараҿы аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара жәашықәса рыҩныҵҟатәи аусеицура алҵшәақәеи аҧхьаҟатәи ашьаҿақәеи ирылацәажәоит.

Афорум иалагӡаны астол гьежьқәа мҩаҧгахоит. Уаҟа аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аекономикеи, атуризми, аинформациатә технологиақәеи, абанктә сектори рганахьала аусеицура атәы ирзааҭгылоит.

Аусутә форум еиҿыркааит Аҧсны аекономика аминистрреи Урыстәыла аекономикатә ҿиаразы аминистрреи Росконгрес Афонд ацхыраарала.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений