Авторизация:

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы аелектронтә сервис аҧҵоуп

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы аелектронтә сервис аҧҵоуп
19 октября 2018 22:51 1839
Аҧсадгьыл-инфо, 19 2018 ш.  

Ашәахтәшәаҩы илшоит иарбан шәахтәзаалакгьы азы асаит аҿы аинформациа иоурц.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 19 2018 ш. Асервис иабзоураны ауаҩы аинспекциахь дымнеиӡакәа иоурц илшоит ашәахтәқәа рзы ииҭаху аинформациа: иарбан шәахтәқәоу иишәахьоу, ианба, убас иҵегьы, аанацҳауеит аминистрра асаит.

Алогинс иҟалоит аусдкылаҩ имоу ИНН.

«Аҭаларазы апароль рырҭоит ашәахтәшәаҩы дахьҭагалоу ашәахтәқәа рзы аинспекциақәа рҿы. Апароль роурц рылшоит аиҳабы, уи ихаҭыҧуаҩ, аҳасабеилыргаҩы, мамзаргьы ашәахтәылгаратә усбарҭақәа рҿы аҳасабырба назго ауаҩы. Уахь ианнеиуа ирымазароуп рхаҭара зырҭшаҳаҭуа адокументқәа. Ахатәы усдкылаҩцәагьы дара зҵазкуа ашәахтәылхразы аучасток аинспектор иахь идҵааларц рылшоит», - аанацҳауеит аминистрра.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений