Авторизация:

Аибашьреи аҭынчреи аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рҟазараҿы

Аибашьреи аҭынчреи аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рҟазараҿы
26 сентября 2018 15:34 1733
Аҧсадгьыл-инфо, 26 2018 ш.  

Акультура аминистрреи, Асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи, Аҳынҭқарратә амилаҭтә асахьатә галереиеи еиҿыркааз ацәыргақәҵа «Аибашьреи аҭынчреи аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рҟазараҿы» азкуп Аҧсны аџьынџьтəылатə еибашьраҿы аиааира агара 25 шықәса ахыҵра.

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 26 2018 ш. 60 инареиҳаны аҿыханҵа, аграфика, аҩыра-хархәаратә ҟазара аусумҭақәа ахәаҧшцәа рзы иӡыргоуп Аҟәа ацәыргақәҵатә зал аҿы.

Акультура аминистр Ельвира Арсалиа иазгәалҭеит, ацәыргақәҵа шрызку аибашьраҿ иҭахаз рымацара ракәымкәа, аҧсадгьал ахьчаҩцәа зегьы.

«Акыр ҳазхәыцуан ацәыргақәҵа ишахьӡаҳҵара, концепциас иалаҳхра, иҳаӡбеит, уаанӡатәи ацәыргақәҵақәа аибашьра иазкызҭгьы, уажәы иалаҳгаларц аҧсҭазаара абзиара шьақәзырӷәӷәо анотақәа, - лҳәеит Арсалиа. – Аусумҭақәа рацәан, урҭ зегьы амкӡеит Ацәыргақәҵатә зал».

Аминистр иазгәалҭеит асахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы Аҧсуа ар аибашьцәа рыбжьара ишыҟаз.

«Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа рҟынтә иҭахеит 17-ҩы, аӡәырҩы иҳарку аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп. Аибашьраҿы дҭахеит  «аҧсуа Ван Гог» ҳәа ззырҳәоз асахьаҭыхыҩ Заур Аџьба. Владислав Арӡынба инапынҵала аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа имҩаҧыргон ацәыргақәҵақәа Аҧсны анҭыҵ. Урҭ акультуреи аибашьреи ирыбжьны иҟалеит. Исҭахуп,  ацәыргақәҵа «Аибашьреи аҭынчреи аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рҟазараҿы» иҿыцу  етапны иҟаларц. Асахьаҭыхыҩцәа аибашьра атема иазхьаҧшлоит, уи асахьаркыратә цәа ахаҵаны», - лҳәеит Ельвира Арсалиа.

Жәлар рҟазара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит аиаара 25 шықәса ахыҵра.

«Ашәыга калам кны уеибашьыргьы ауеит – аибашьреи аҭынчреи ртемақәа ҭыхуа, уи алагьы адунеи иазеиҭаҳәауа Аҧсны аҭоурых. Иҟалалоит, аҟазара ахы аасҭа ианыкшо», - иҳәеит иара.  

Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал аҿы ацәыргақәҵа аартхоит октиабр 10-нӡа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений