Авторизация:

Иҿыцу ашықәс ақәыргыламҭа ҿыц ала

Иҿыцу ашықәс ақәыргыламҭа ҿыц ала
фото: Абхазский драматический театр
18 января 2022 17:08 645
Аҧсадгьыл-инфо, 18 2022 ш.  

Аҧсшьарамшқәа рышьҭахь С. Ҷанба ихьӡ зхыу Аҧсуа драматә театр аусура иалагеит.

1985 шықәса рзы ашәҟәҩҩы Даур Занҭариа ииҩыз акиносценари «Лицедей или Бегущий олень» иалхыу апьеса «Аҽацә лас» ала аспектакль ақәыргылара азгәаҭоуп амилаҭтә театр аҿы. Иахьа атеатр адиректор хада Алхас Ҷолокәуа имҩаҧыигеит аиҿкааратә зҵаарақәа ирызкыз аилацәажәара.

«Иарбанызаалак иҟаҳҵо, ҳзынио, ибзиоума ицәгьоума, уи аӡәгьы иаҳзиуӡом, зегьы знапы иану ҳара ҳауп, ажәакала ҳхы иазааҳго ауп ҳзықәшәо. Аспектакль «Аҽацә лас» ықәыргыланы ианыҟала абри ахшыҩҵак ибзиан иаанарҧуеит,-иҳәеит аидеиа дахцәажәо арежиссер-ақәыргылаҩ Адгәыр Ақаҩба. «Аҽацә лас» азкыуп аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны аҧсуа драматә театр аҧҵаразы иҟаҵаз, аха рыцҳарыла иҿахҵәаз аҽазышәара. Ақәыргыламҭа асценографс дамоуп еицырдыруа аҧсуа сахьаҭыхҩы Баҭал Џьапыуа. Аҩымҭа аҧсшәахь еиҭеигеит ашәҟәҩҩы Даур Наҷҟьебиа.

Аилацәажәара иалахәын атеатр ацехқәа зегь рхаҭарнакцәа. Инарҭбаан иалацәажәан арежиссери, асахьаҭыхҩыи рсахьаракыратә идеиа анагӡара иадҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа.



 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений