Аҧсадгьыл-инфо, 30 2018 ш.
СССР Жәлар рартист, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Иосиф Кобзон 81 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит.
Апсадгьыл-инфо, август 30 2018 ш. Иосиф Кобзон 2002 шықәса раахыс ачымазара ӷәӷәа даиааиуа дааиуан. Иун 20 рзы иара аҵыхәтәаны агоспиталь ахь днаргеит.
Иосиф Кобзон диит сентиабр 11 1937 шықәса рзы Донецктәи аобласт, ақалақь Часов Иар аҟны.
Ашәаҳәаҩ ирепертуар иалан апатриоттә әшақәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иазкыз ашәақәа, аклассикатә романсқәа, аоператә ашәақәа. Зынӡа ашәаҳәаҩ ианиҵеит 3000 инарзынаҧшуа ашәақәа, агастрольқәа рыла адунеи 100 ҳәынҭқаррак рҟны днеихьан.
Иосиф Кобзон Аҧсны хынтә даахьан - 2004, 2008, 2014 шш. рзы.