Авторизация:

Миха Лакрба Аҧсуа театр ҳамҭас иаиҭахьаз авазақәа руак аҭыҧахь ирхынҳәын

Миха Лакрба Аҧсуа театр ҳамҭас иаиҭахьаз авазақәа руак аҭыҧахь ирхынҳәын
афото: Аҧсуа театр
14 апреля 2022 09:05 321
Апсадгьыл-инфо, 14 апреля 2022 г.  

Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа С. Ҷанба ихьӡ зхыу Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр иаҭаахьаз ибзиан иргәалашәоит афоиеқәа руак зырҧшӡоз китаитәи афарфор иалхыз авазақәа ҩба.

Урҭ лымкаала аҭоурых рымоуп. Дара аҧсуа театр ҳамҭас иаиҭахьан еицырдыруа аҧсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба.

Аибашьра аан авазақәа рӷьычит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа. Аамҭақәак рышьҭахь иҧшаан руак, аха аҧхасҭа бааҧс аҭан - иҧҽын ашьапы, иҷҷан, иадырҷҷан асахьақәа.

Мызкы аҧхьа атеатр анапхгара иҟарҵаз аҳәарала аваза аус адулара иалагеит Аҧснытәи арестовраторцәа, иагьдырҿыцит иахьынӡауаз ала.

Иахьа еиҭашьақәыргылаз, аҭоурыхтә ҵакы змоу аваза аҭыҧ иазырхынҳәын.

Абри атәы аанацҳауеит Аҧсуа драматә театр Facebook адаҟьаҿы. 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений