Авторизация:

Маи 18 рзы Аҟәа амузеиқәа рыҵх азгәарҭоит

Маи 18 рзы Аҟәа амузеиқәа рыҵх азгәарҭоит
фото: museum-ra.org
14 мая 2019 14:09 660
Апсадгьыл-инфо, 14 мая 2019 г.  

Шықәсык ахь знык - уахык шаанӡа амузеи аҭааразы агәаҳәара змоу зегьы хәыда-ҧсада иҩналаны аекспонатқәа рбартә еиҧш алшарақәа рзаҧҵара, амузеиқәа русура ауаа радыҧхьалара - абри ауп хықәкыс иамоу амузеиқәа Жәларбжьаратәи рыҵх.

Иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы еицырдыруа Европатәи музеиқәак еицәажәаны, еиҿыркаауа иалагеит амузеиқәа рыҵх зыхьӡу акциақәа. Аҭааҩцәа ари аҩыза ахшыҩҵак гәаҧхарыла ирыдыркылоит. Аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа атрадициа аларҵәара бзиа аиуит.
Раҧхьаӡа акәны амузеиқәа рыҵх анымҩаҧыргаз маи 18 арыцхә рылаҳәан амузеиқәа рымш акәны. Уи аахыс акыр аамҭа шцазгьы, иахьа уажәраанӡагьы жәларбжьаратәи амузеиқәа рыҵх азгәарҭоит атәылақәа жәпакы рҿы. Хәышықәса раҧхьа урҭ ирхыҧхьаӡалахеит ҳтәылагьы.


2014 шықәса раахыс, маи мзазы, уахык Аҧсны амузеиқәа аус руеит шаанӡа. Лымкаала ари аҵх азы еиқәдыршәоит аекспозициа ҿыцқәа, ицәырыргоит ацәыргақәҵахь лассы-лассы инарымго хәы змоу аекспонатқәа. Ус иҷыдоу аекспонатқәа иреиоу, амузеи аҵх аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭааҩцәа иддырбахьоу иреиуоп Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи ахада С. Багаҧшь аҳәаанырцәтәи иныҟәарақәа раани, ҳтәыла иаҭаауа асасцәеи ирҭахьаз аҳамҭақәа, Аҧсны Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа амузеи иалҭахьаз ахьтәы сабрадеи, уи аҳамҭа аиураан илшәыз аҵки, акыр аинтерес зҵоу Нестор Лакоба изку аеспозициа, иара убасгьы Амилаҭтә банк амузеи ианаҭахьоу аколлекциатә аҧсарқәа.



Акциа аиҿкааҩцәа - амузеи анапхгареи аусзуҩцәеи ари аҵх аамҭа акыр шыбжьоу аҽазыҟаҵара иалагоит. Дара гәцаракрыла ирызнеиуеит уи аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа, ирхәыцуеит иҿыцу азнеишьеи, аинтерес змоу, шамахамзар аҭааҩцәа ирымбац аекспозициа ҿыцқәа. Аекспонатқәа ирызҿлымҳау рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵоит аҧышәа змоу амузеи аусзуҩцәа.

Х-нызқь експонат инарзынаҧшуа илыҧшааху, иуникалтәу аекспонатқәа еидызкыло Аҳәынҭқарратә музеи, жәларбжьаратәи амузеиқәа рыҵх азы иаҭаауа рхыҧхьаӡара есышықәса еиҳахоит. Амузеи ахь имҩахыҵуа рыбжьара ирацәаҩуп ашколхәыҷқәа, аҿар, зыхшара зыманы иаауа аҭаацәарақәа.

Есышықәса амузеи аҵх рҽаладырхәуеит Д. Гәлиа иҩны амузеи, В. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аҧша амузеи, О. Беигәуа ихьӡ зху аҳәаанырцә инхо аҧсуаа рҭоурых амузеи.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений