Авторизация:

Мадина Аргәын: «Атеатралтә коллективқәа рҟазара ахә аобиективла иршьартә алшара роуит»

Мадина Аргәын: «Атеатралтә коллективқәа рҟазара ахә аобиективла иршьартә алшара роуит»
4 ноября 2018 18:59 2375
Аҧсадгьыл-инфо, 4 2018 ш.  

С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театр арежиссиор Мадина аРгәын иқәлыргылаз аспектакль «Кролики и удавы» алахуп октиабр 30 инаркны ноиабр 6-нӡа Казань имҩаҧысуа IX жәларбжьаратәи атеатралтә фестиваль иалахуп

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 3 2018 ш. Ноиабр 3 рзы ахәаҧшцәа идырбан Фазиль Искандер иҩымҭала Мадина Аргәын лықәыргыламҭа «Кролики и удавы».

Арежиссиор ари аҩымҭа 2000 ш. рзы иқәлыргылхьан, усҟан апремиераҿы автор ихаҭа дыҟан.

«Аспектакль аҿы 19-ҩык актиорцәа алахуп. Дара зегьы ҩба-ҩба роль ихәмаруеит. Актиорцәа ирласны рымаҭәақәа рыҧсахлар ауп, психологиалагьы даҽа рольк рҽаздырхиалар ауп», - лҳәоит арежиссиор.

Афестиваль иалаху аспектакльқәа стильлеи, тематикалеи, асахьаркыратә ҳаракралеи еиҧшым. Иарбан спектакльзаалакгьы, аинтерес аҵоуп амилаҭтә хаҿра аарҧшрала, иаоригиналтәу асценатә бызшәала.

«Убри азыҳәан ауп «Кролики и удавы» залысхыз. Иара афестиваль ахықәкқәа ирықәшәоит. Аспектакльқәа анынҵәалак урҭ реилыргара мҩаҧысуеит. Атеатралтә коллективқәа рҟазара ахә аобиективла иршьартә алшара роуит», - лҳәоит Мадина Аргәын.

Акритикцәа еицҿакны ари аспектакль ахә бзиан иршьеит.

«Фазиль Искандер иҩымҭақәа асценаҿы рықәыргылара хьанҭоуп, урҭ иҷыдоу аҟазара, адырра аҭахуп, аха арежиссиор ари арҿиамҭаҿы ихадоу ахәаҧшцәа рызнагара лылшеит», - ҳәа аанацҳауеит Ҭаҭарсҭантәи адрамеи акомедиеи ртеатр асаит.

Афестиваль алахәхара аицлабра ҟазшьа амаӡам, убри азы иҟаӡам аноминациақәа, иалыркааӡом аиааира згаз. Аҧсуа театр аколлектив афестиваль иахьалахәыз азы афестиваль асимвол – «Хрустальныи Карим» астатуетка анашьан.

«Ҳара иаадыруеит аҧсуа театр аамҭа хьанҭақәа ишырҭагылаз, аха шәусумҭа ахәаҧшра даара аинтерес ҳзаҵан. Сара уажәы дызбоит арежиссиор ҿыц Мадина Аргәын, аинтерес сыман уи ажанр, атруппа аус шрыдылулоз. Сгәанала, лара лус аинтерес аҵаны иналыгӡоит. Аурыс ахәаҧшҩы изы Фазиль Искандер аҧсуа шәҟәыҩҩы иакәӡам, уи даурыс шәҟәыҩҩуп, ус иҟоуп амзыз рацәа ирыхҟьаны, иара ҳара бзиа даҳбоит, деилаҳкаауеит, илаф пату ҳзақуп», - лҳәеит атеатралтә критик Нина Карпова.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений