Апсадгьыл-инфо, 21 июня 2022 г.
Иун 29-30 рзы Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ишәыднагалоит акомедиа «Ҳауа идагәада?», аанацҳауеит атеатр.
Арежиссиор-ақәыргылаҩ - Аҧсны зҽаҧсазтәыз артистка Мадина Аргәынҧҳа.
Ибжьашәмыжьын апремиера, уи шәгәалаҟазаара шьҭнахуеит. Шәыччала. Аччара баҩ алоума.
Шьоҭа Ҷкадуа ипиеса «Ҳауа идагәада» ахаан аҵакы ацәыӡӡом. Уи аамҭақәа зегь ирышьашәалоуп, ҳаҧсҭазаара иасаркьоуп. Уагьарччоит, уагьархәыцуеит.