Авторизация:

Аҧсуа театр аҿы рҽазыҟарҵоит даҽа премьерак

Аҧсуа театр аҿы рҽазыҟарҵоит даҽа премьерак
афото: Аҧсуа драматә театр
27 января 2022 16:05 340
Апсадгьыл-инфо, 27 января 2022 г.  

Аҧсуа театр аҿы ҳҽазыҟаҳҵоит даҽа премьерак, ҳәа аарыцҳауеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа Ҳәынҭқарратә драматә театр Facebook адаҟьаҿы.

«Убасгьы ҟалалоит-ауаҩы ианизеилымкаауа иҧсҭазаара ҵакыс иамоу, адәы дзықәу. Убыс ихьит «Аҧшьбатәи аҟәардә» афырхаҵагьы. Уаҳа иеиӷьу акагьы изымхәыцит аҽыкнаҳарада. Иҧсҭазаараҿ зегь раасҭа итрагедиатәыз асекундазы иҩнашә аҵәҵәабжьы гоит…Дшылзыҧшымыз имҩахыҵыз аӡәӡәагатә химиа аҭиҩы убранӡа деилалгоит, аҽшьраҵәҟьа ихашҭуеит…

Алирикатә фарс авторс дамоуп еицырдыруа италиатәи апоет, асценарист Тонино Гуерра. Уи ицылҩит ажурналист Лиусиль Лакс. Ҩыџьа еицырҩыз апьеса иалоугьы ҩыџьа афырхацәа роуп - аҧҳәыси ахаҵеи… Зны еизааигәоу, зны ушазыҧшым еицәыхароу, амаӡа рацәа зҵоу аҧҳәыси ахаҵеи реизыҟаашьа иазкыуп ақәыргыламҭа», - аҳәоит атеатр адаҟьаҿы.

«Аҧшьбатәи аҟәардә» режиссиорс дамоуп аҧсуа театр актиор, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Роман Сабуа. Арольқәа нарыгӡоит Аҧсуа театр актиорцәа Хьыбла Мықәбеи Саид Лазбеи.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений