Авторизация:

Аҧсуа драматә театр ахада жәларбжьаратәи атеатр амш актиорцәа ирыдиныҳәалеит

Аҧсуа драматә театр ахада жәларбжьаратәи атеатр амш актиорцәа ирыдиныҳәалеит
афото: Д. Аҩӡба
27 марта 2022 12:11 812
Апсадгьыл-инфо, 27 марта 2022 г.  

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хада Алхас Ҷолокәуа атеатр актиорцәа, амилаҭтә театр иазааҧсо зегьы ирыдиныҳәалеит жәларбжьаратәи атеатр амш.

«Амилаҭтә театр еснагь аҧсуа жәлар иргәадуран, актиорцәа рҟазарала Аҧсны ахьӡ ҭыргон, идыршанхон ахәаҧшцәа иреиӷьу асценақәа рҿы, иалкаау жәларбжьаратәи афестивальқәа рыҟны. Убарҭ атрадициа бзиақәа ирыцызҵо шәара шәоуп, шәара шәоуп имырӡкәан иаазго уи ахьӡ ҳарак. Аҧсуа жәлар ҭабуп ҳәа шәарҳәоит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы, ауадаҩрақәа шәыриааины, шәхы шәазымхәыцкәан иахьеиқәшәырхаз ҳажәлар ркультуратә хәышҭаарақәа ираҧхьагылоу- амилаҭтә театр. Агәра сгоит ҳаҧхьаҟа аиааира дуқәа шаҳзыҧшу», - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Атеатр адиректор хада актиорцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, арҿиараҿы аихьӡара дуқәа, рҭаацәарақәа рҿы аманшәалара, аизҳазыӷьара.

Алхас Ҷолокәуа убас жәларыбжьаратәи атеатр амш рыдиныҳәалеит Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театри, Аҳәынҭқарратә аҿар рытеатри, Тҟәарчалтәи акомедиақәа рытеатри рколлективқәа, ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.




Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений