Авторизация:

Сырма Ашəҧҳа: «Ҳахшара рыхьӡқəа мырӡкəа ирҳəоит ҳәа иаҳҧылоит”

Сырма Ашəҧҳа:  «Ҳахшара рыхьӡқəа мырӡкəа ирҳəоит ҳәа иаҳҧылоит”
14 августа 2018 23:56 11623
Апсадгьыл-инфо, 14 августа 2018 г.  

Ажурналист Сырма Ашәҧҳа Аҧсадгьыл-инфо иалҭаз аинтервиу аҿы илгәалалыршәеит Нхыҵ Кавказынтәи Аҧсны иҭахаз арҧарацәа рыҩнаҭақәа рҿы рнеира атәы.

Аҧсадгьыл-инфо: Сырма, бара иаҳа Ҭырқәтәыла ҳашьцәа роуп бызҭаауа, ишҧаҟалеи Нхыҵ Кавказҟа бцара?

Сырма Ашәҧҳа: Хатəгəаҧхарала ҳашьцəа Аҧсныҟа еибашьра иааз рыӡбахə ҳаҳахьан, аха иҭахаз рҭаацəарақəа сцаны избарц, срыҿцəажəарц алшара сыман Аҧсуа телехəаҧшраҿы аус анызуаз, арадио аҿы адырраҭырақəа анеиҿаҳкаауаз. Ателепроект “Аешьара амҩала” аныҟаҳҵоз Нхыҵ Кавказтəи ареспубликақəа ҳарҭааит.

Аҧсадгьыл-инфо: Ицәгьаӡамзи иҭахаз аҷкәынцәа рҭаацәа рҭаара?

Сырма Ашәҧҳа: Згəаларшəара, зеиҭаҳəара уадаҩу, ихьанҭоу ахҭысқəа ҳрықəшəеит.

Ахааназ дысхашҭуам Аахыҵ Уаҧстəыла ҳзықәшәаз аибашьҩы Џьамал Сиукаев иан. Зыӡбахə сымоу аҭаацəа хҩык ахшара  рыман. Аӡəы Аҧсны дҭахеит, аҩбатəи Уаҧстəыла иҟаз аибашьраҿы дҭахеит.  Ргəашə ҳанадгыла аҩн ду ҭагылоуп ашҭа, аха рыҩны абжа зегьы ҟəыбаса иҟан. Ҳамҩақəызҵоз ус рҳəеит, шəахьааҳгаз аҩны лхала ан дахуп, лыхшара аибашьраҿы иҭахеит, аха лхы акы иаҵамырхакəа дынхоит ҳәа. Илхылгаз лгәабзиара ианыҧшит, лнервқәа еиқәшәамызт цқьа. Ус дыҟазаргьы ҧхашьароума, изакə гəырҩоу дызҵо аҧҳəыс.

Иҳацыз иларҳəеит Аҧснынтəи ҳшааз. Ауҭраҭых ахьыҟалҵоз ҳаргьы ҳнеит. Аҩны ашьҭахь улаҧш ахьымӡо ауҭра лыман, 90 шықəса дшырзааигəазгьы. Ашьыжь иҩагылоз, аҵх илымнахаанӡа, убра дҭан, лаамҭа алалхылгон.

Быҷкəынцəа рыӡбахə ала ҭабуп ҳəа барҳəарц, бырбарц Аҧснынтəи иааит ҳəа анларҳəа, аҩны дыҩналан лҧацəа рсахьа ааҭылгеит изҭаз ашкаф, инаган икыдлыргылеит абарҵаҿы. Деиҭанеин даҽа сахьакгьы навалыргылеит. Нас даҽакгьы аалгеит, ари сыҧҳа лоуп, лашьцəа лызхымгакəа, ачымазара бааҧс лыхьын, ларгьы дысцəыҧсит лҳəеит. Сара адəы сыззықəу акагьы ыҟаӡам, аха сылахь ус анызар акухарын, аҧсҭазаара сара сзын иҵакыданы, илашьцаран иҟоуп аха сыҧсы имгац ҳəа ҳалҳәеит.

Ахаан исхашҭуам уи аҧҳəыс бырг лхаҿсахьа. Лылақəа ҭыҧхаауа, лылақəа ҕраӡа, ҳазусҭцəаз анеилылкаа нахыс гəаҧхарак иаразнак ишылнырыз удырратə иҟан, аха убриаҟара аҧсҭазаара даӡрыжəхьан, агəырҩа дафахьан, лылақəа ччаӡомызт.

Убри аҭаацəара рыҩны аҿаҧхьа акəын Алада Уаҧстәылантәи хатəгəаҧхарала еибашьра иаауаз ахьеизоз.

Аҧсадгьыл-инфо: Нхыҵ Кавказ иҭахаз рҭаацәа ирықәшәахьоу, уахь ицахьоу зегьы ирҳәоит ахаан гәынамӡарак аадырҧшуам ҳәа.

Сырма Ашәҧҳа: Ареспубликақәа рҿы ҳара ҳахьнеиз иҟаӡам ҭаацəарак зыхшара ҭахақəаз иҭабуп ҳахьышəгəалашəо, Аҧснынтəи шəахьааз, ҳара ҳаҷкəынцəа ззеибашьуаз рдыруан ҳәа ахьырымҳәоз.

Аҷкәынцәа аханатə рҭаацəа ирамҳəаӡакəа ибналан иаақəоз роуми, ҳара иџьаҳшьон абарҭ ирҳəо закуи, ишҧаҳацəажəо ҳəа, исзымбатəбарахон аиашаз. Зегьы ҳрылсны ҳаналга, схатə алкақəа ҟасымҵоз, иџьасшьон, иахьа уажəгьы иџьасшьоит, избанзар иҟоуп зынӡа зыҩны ашəқəа акыз аҭаацəарақəа, зықəрахь иҟоу абыргцəа, анацəа, абацəа, зыхшара Аҧсны иҭахаз. Ҟабарда-Балкариа аума, Ҟарачы-Черкеск аума,  Аахыҵ Уаҧстəыла аума - Аҧснынтəи иааит, ҳаргəалашəоит, ҳахшара рыхьӡқəа мырӡкəа ирҳəоит ҳәа иаҳҧылоит. Убри ауп дара ирзынхаз, уаҳа акагьы.

Аҧсадгьыл-инфо: Ирацәаҩума зҭаацәа ирамҳәакәа иаауаз шәзықәшәаз рҟынтәи?

Сырма Ашәҧҳа: Ирацәоуп, еиҳаракгьы зықәра маҷыз роуп зҭаацәа ирамҳәаӡакәа аибашьрахь иаауаз.

Ҟарачы-Черкестәи арҧыс Казбек Мижаев дқəыҧшын. Казбек акы даргəаҭеиуан, ҭынч дшыҟамыз ҳдырыртə ҳҟалеит, нас еилкаахеит Аҧсныҟа еибашьра дышцаз, еиҭалҳəон ан. Дҭахеит убри аҷкəын. Ихҵоуп Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ.

Владикавказ инхо Екатерина Џьусоева еиҭалҳəеит, лыҷкəын Роберт Џьусоев ҿыц аҵара далган аусура даалагон, Аҧсны аибашьра шыҟалаз. Аха хатəгəаҧхарала рҽеибаркны Аҧсныҟа ицоит ҳəа ҳагьазхəыцуамызт лҳəеит ан. Дшаҟь-шаҟьо даакылсит лҳəеит, аусура аганахьала акомандировка срышьҭуеит ҳəа. Иахьала сцароуп, сымаҭəақəа еизызгоит ҳəа леиҳəеит. Сыҷкəын абас иҽааибиҭан, амц ҳəаны Аҧсныҟа дцазаап, дахьыҟаз ҳаздырӡомызт, иҧсыбаҩ сзааргаанӡа ҳәа лгәалалыршәон ан.

Ауҭра дышҭаз агəашə иаадгылеит амашьына, днарҧылеит. Ашьҭахьтəи ахҭысқəа лгəалашəаӡом. Убасҟан, сыҷкəын дышьны данааргоуп аибашьра дшыҟаз аныздыр лҳəеит лара. Лылаҕырӡқəа еиқəҳəаланы ицон. Убри аҷкəын иаб, даҽазнык иаҭахны иҟалозар, сықəрагьы ыҟоуп, Анцəа иҟаумҵан аибашьра, аха сара ахаангьы саанкылаӡом, аҧсуаа ҳара ишҳашьцəо ҳдыруеит иҳәеит.

Ас еиҧш иҟоу ахҭысқәа хашҭшьа рымаӡам.

Аҧсадгьыл-инфо: Иҭабуп, Сырма, бгәалашәарақәа рзы.

Сырма Ашәҧҳа: Иҭабуп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений