Авторизация:

Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит

Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит
1 марта 2020 19:10 5046
Апсадгьыл-инфо, 1 марта 2020 г.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит. Иахьа уи адокумент Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба инапаҿы ииркит агәыҳалалратә фонд «Аҧсны» аиҳабы Сенер Гогәуа.

Иахьа иара убас Аслан Бжьаниеи Аҭанур Аҟәысбеи ҭелла еицәажәеит.

Ишәыдаагалоит Аслан Бжьаниа ҳџьынџьуаа рахь иҟаиҵаз ааҧхьара.

 

Акыр иаҧсоу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳџьынџьуаа!

Сара сзын ҳаҭыр ду амоуп шәара шәахь схы нарханы ажәақәа рҳәара.

Ишыжәдыруа еиҧш, март 22 рзы Аҧсны имҩаҧысран иҟоуп Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы абжьыҭара. Гәыҧҩык ҳауаажәлар аҳәара ҟарҵеит саргьы убарҭ алхрақәа срылахәхарц азы. Аҧсны Ахадас иалырхуа дызусҭазаалак идыруазароуп ажәлар агәрагара анирҭа иара иуалу Аҧсны иқәынхо аҧсуааи егьырҭ амилаҭқәеи рымаҵ аура амацара шакәым. Аҧсны Ахада, иахьынхозаалакгьы, хәыцырҭас имазароуп аҧсуаа зегьы рлахьынҵа. Убри аҟнытә иаҭахны исыҧхьаӡеит шәара шәахь ааҧхьара аҟаҵара.

Агәымбылџьбара шьаҭас измоу ҳаамҭазтәи адунеи аҧсуа жәлар аламӡырцаз мҩас иҟоу акоуп - Аҧсуа ҳәынҭқарра аргылара. Уи анҳалымша аҩны змам ауаҩы ҳаиҩызахоит. Аполитика амҩа ианылаз зегьы рзы абри еиҳау идеиа ыҟаӡам, иҟаларгьы иашаӡам. Аҧсны ахьыҧшымра зхы ақәызҵаз ҳашьцәа ирыбзоураны ишьҭаҵоуп Аҧсуа ҳәынҭқарра ауасхыр. Ҳара иаҳуалуп уи ашьҭыхра, арӷәӷәара. Уи анаҳзалмырша иаҳзеиқәырхом ҳбызшәа, ҳкультура, ҳмилаҭтә хаҿра. Иҧшьоу абри аус аҿы ҳаидгылароуп зегьы.

Шәара иаҳшәырбаз аҿырҧшы агәрагара снаҭоит зегь шҳалшо ала. 150 шықәса инареиҳаны, атәым дгьылаҿы шәара ишәылшеит шәхатәы бызшәа аиқәырхара, шәыҧсуара амырӡра. Уи иаҳнарбоит ҳажәлар ирымоу адоуҳатә мчы.

Еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны сынтәа Аҧсны Ахада иалхразы абжьыҭара Ҭырқәтәыла имҩаҧгахаӡом. Уи иаанамгароуп уа инхо аҧсуаа рыҧсадгьыл аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ирҟәыгахоит ҳәа. Аҳәынҭқарра анапхгарахь инеиуа дарбанызаалак ихықәкы хадақәа ируакзароуп аҧсуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәра аус ацҵара, иара убас, иахьынхо атәылақәа рыҿгьы рбызшәеи, рыҧсуа хдырреи аиқәырхараҿы ацхыраара аҟаҵара.

Аҧсны жәлар иааиуа алхрақәа рҿы агәрагара сырҭан ианыҟала, иҧшьоу абри аус ахаҵгылара шасҭо шәдыруазар сҭахуп.

Иҳазгәакьоу ҳашьцәа, хаҳәшьцәа! Иҳамазааит аҧсуа жәлар аизҳара, аизыразра, наунагӡа ахақәиҭра.

 

Ҳаҭырла,

Аслан Бжьаниа.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений