Авторизация:

Аҳәынҭқарра ахада имаҵура аанижьырц иабжьыргоит

Аҳәынҭқарра ахада имаҵура аанижьырц иабжьыргоит
15 октября 2018 18:28 2078
Апсадгьыл-инфо, 15 октября 2018 г.  

Ажəлар ҳаҭыр рықəҵаны, амаҵура аанижьырц Аҳәынҭқарра ахада иабжьыргоит Аҳəынҭқарра аиқəырхаразы азеиҧшмилаҭҭə хеилак абыргцәа рконсультативтә еиҿкаара алахәылацәа.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 15 2018 ш. Аҧсны араионқəа зегь рҟынтəи  аиҳабыратəи абиҧара рхаҭарнакцəа реиҧылара мҩаҧысит. Уаҟа иалацəажəан иахьа Аҧсны  иҟоу ауаажəларра-политикатə ҭагылазаашьа. Иазгəаҭан ишымҩаҧысуа ҳҳəынҭқарра аҟазаара ашəарҭа иҭазыргыло ахҭысқəа. Иӡбан Аҳəынҭқарра аиқəырхаразы азеиҧшмилаҭҭə хеилак аҩныҵҟа ишаҧҵазаауа аиҳабаратə абиҧара ргəаанагарақəа реибыҳəарҭа ахеилак. Ақəгыларақəа рышьҭахь ирыдыркылеит Ааҧхьара, аарыцҳауеит азеиҧшмилаҭҭə хеилак аҟынтәи. 

                                                                       Ааҧхьара

Иахьа Аҧсны ҩаҧхьа аҟазаареи аҟамзаареи иааины ирыбжьагылеит. Иџьоушьаша абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалеит иаҳа ианҕьацашаз, ҳажəлар рыбҕа еиҵыхны аизҳара амҩа иананылашаз аамҭазы. Ҩеижəыхəба шықəса рыҧхьа Жəлар рҵеи ду Владислав Арӡынба дзаҧхьагылаз Аҧсны жəлар рыҧсадгьыл рымхра зҽазызшəаз аҕа хəымга ииаины  иааргеит Аиааира, ахьыҧшымра. Аибашьра ашьҭахь иуадаҩыз аамҭақəа рзы ирылшеит уи ахьчара, шьаҿа-шьаҿала Аҧсуа ҳəынҭқарра  аҧҵара. 

Жəашықəса раҧхьа Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь инапхгарала аҕацəа алцаны ҳаҧсадгьыл иазырхынҳəын Кəыдрытəи аиҩхаа иаҵанакуа аҭоурых дгьылқəа, иара убысҟан ҳҳəынҭқарра ахьыҧшымра азханаҵеит Урыстəыла, уи инашьҭарххны  егьырҭ аҳəынҭқаррақəагьы. Шəышықəсала аҧсуаа рхəыцра иалаз, ихьыҧшым аҳəынқарра лабҿабахеит. Убри аамҭазы иаагəоуҭартə аиҭакрақəа ҟалеит. Уаҵəтəи амш агəра згаз ҳажəлар аҿиара амҩа ианылеит. 

Рыцҳарас иҟалаз, маи 27 2014 шықəса рзы иҟалаз ахҭыс ҳҳəынҭқарра  ашəыта ҕəҕəа аннаҵеит. Изакəанымкəан, зыҿҳəара абжагь иахымсыцыз Аҳəынҭқарра Ахада амчра иахыгара Аҧсны аҳаҭыр акыр иланарҟəит. Убас ишыҟазгьы ҳажəлар иаадырҧшит аҟəыҕара, рҽеишьа змам аусқəа рахь икылымгакəан, жəашықəса амчрахь анеира иазықəҧоз ауаҩы алшара ирҭеит  идырра, имч-илшара аарҧшразы. Имаҷҩым игəра згазгьы. 

Иахьатəи аҭагылазаашьа иаҳнарбеит уаҵəы иахымгакəан аиҭакрақəа шəсырбоит ҳəа разҳəоз аполитик иажəақəеи иусқəеи шыиқəымшəо. Иҟаларын маитəи аусқəа ианарыжьыргьы ажəлар рыҧсҭазаара аиҕьтəра илшазҭгьы. Аҧсны жəлар уаҵəтəи амш агəрагара ацəыӡра аҟны инагоуп, угəы шьҭызхуа раасҭа игəкажьгоу ахҭысқəа есааира еиҳахоит.  Арҳəрақəа, ақəыларақəа, ашьрақəа, ауаа рҕьычрақəа. 

Ихьысҳахеит ажəлар рыбзазара. Уаанӡа рхы ирзаҭəамшьоз, адəқьанқəа рыҟны уалла афатə аахəара аҟынӡа инеит. Убри аан, есааира рмал иацлоит Аҳəынҭқар иааигəара иҟоу гəыҧҩык ауаа. Аҳəынҭқарра иатəу ателехəаҧшреи арадиои урзыӡырҩыр аҭагылазаашьа даара иманшəалоуп. Ус еиҧш амцҳəара ажəлар даара агəыҧжəара рызцəырнагоит.

Абарҭ зегьы ҳасаб рзуны, Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иахь аҳəара ҟаҳҵоит, аҭагылазаашьа уаҩ изнымкыло аусқəа рахь икылсаанӡа, ижəлар ҳаҭыр рықəҵаны имаҵура аанижьырц.
Ара уаҩ дызцəыҧхашьо ҳəа акагь ыҟаӡам. Ус акырџьара иҟалахьеит. Ус анугəаҕь ажəлар раҳаҭыр уҽаҧсаутəит ауп иаанаго.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений