Авторизация:

Аҧсни Нигериеи ркомандақәа реиҧылара Қырҭтәыла аҿагылоит

Аҧсни Нигериеи ркомандақәа реиҧылара Қырҭтәыла аҿагылоит
4 августа 2018 20:17 3980
Аҧсадгьыл-инфо, 4 2018 ш.  

Қыррҭтәылатәи ашьапылампылтә федерациа FIFA ахь ааҧхьара ҟанаҵеит Аҟәа имҩаҧысран иҟоу ахәмарра алыдмыршарц азы.

Аҧсадгьыл-инфо, август 4 2018 ш.  Аҧсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ Беслан Аџьынџьали абҩарҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы ихаҭыҧуаҩ  Рафаель Амҧари Қырҭтәылатәи афедерациа ахымҩаҧгашьазы «Аҧсадгьыл-инфо» азы ахҳәаа ҟарҵеит.

«Ҳара иаадыруеит ас еиҧш иҟоу апротестқәа уаанӡагьы аҭыҧ шрымаз. Ақырҭқәа есымша иҳашьҭоуп жәларбжьаратәи еицлабрак ҳалахәымхарц азы. Қырҭтәылеи ҳареи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҭынчратә еиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳмыҩӡац. Уаҳа ҳазлацәажәо иарбану?», – иҳәеит Рафаель Амҧар.

Иара игәалаиршәеит Қырҭтәылатәи ашьапылампылтә федерациа апротестқәа рзы ҳкомандақәа шзымцаз Испаниа имҩаҧыргоз афутзал азы Европа ачемпионат ахь, убас 2015 ш. рзы ConIFA имҩаҧнагоз Европа ачемпионат ахь.

«Ҳара ауаажәларрак раҳасабала еиуеиҧшым аицлабрақәа рымҩаҧгара азин ҳамоуп, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәагьы алархәны. Ҳара иаҳзаараны иҟоуп 18-21 ш. зхыҵуа ашьапылампыл асцәа. Ари амилаҭтә команда акуӡам. Агәыӷра сымоуп урҭ Аҧсныҟа иаап, аиҩызаратә еиҧылара ҟалап ҳәа», – иҳәеит Амҧар.

Аҧсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ Беслан Аџьынџьал иҳәоит ақырҭқәа ирҳәо уиаҟара азыӡыҩрра шаҭахым.

«Аспорт аполитика иаламзароуп. Қырҭтәылатәи ашьапылампылтә федерациа уаанӡагьы, уажәгьы аҧықәсларақәа ҳарҭарц иаҿуп. Аха, ҳара ҳус ҟаҳҵоит, ҳрылахәуп жәларбжьаратәи аицлабрақәа, аҧхьаҟагьы уи иацаҳҵоит. Урҭ ирҭаху рҳәалааит. Сгәыӷуеит, нигериатәи ашьапылампыл асцәа уи иахәамҧшыкәа иаҳзаап ҳәа. Ҳара ахәмарра ҳҽазыҟаҳҵоит», – иҳәеит иара.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений