Авторизация:

Беслан Аџьынџьал: «Аҧхьаҟа аус ду ҳзыҧшуп»

Беслан Аџьынџьал: «Аҧхьаҟа аус ду ҳзыҧшуп»
10 августа 2018 22:50 2340
Аҧсадгьыл-инфо, 10 2018 ш.  

Аҧсны еизгоу аҿар ркоманда Урыстәылатәи ашьапылампылтә клуб «Химки» аҿар ркомандаҿы аиааира агеит.

Аҧсадгьыл-инфо, август 10 2018 ш. Аҧсны еизгоу акоманда 3: 0 ҳәа аиааира агеит. Ампылқәа ҭадыршәит Гьаргь Жанаа, Наур Ҵнариа, Алмас Ҩардан.

«Химки» азыҟаҵаҩ Сергеи Маркин иҳәеит Аҧснытәи акоманда ацхәмарра дара рзы акыр шаҵанакуа.

«Ҳара арахь аҽазыҟаҵара ҳааит. Шәара шәкоманда еиҧш иҟоу акоманда ҳахьацыхәмаруа ҳара ҳзы акраҵанакуеит, аҧышәа ҳнаҭоит. Сгәы иаанагоит, аҩ-командак рзы ахәмарра аҵакы аман ҳәа», - иҳәоит азыҟаҵаҩ.

Аҧсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Беслан Аџьынџьал Нигериеи еизгоуи «Химки» ркомандақәа рыцхәмарра иааизакны рлыҵшәа цәгьам ҳәа дахәаҧшуеит.

«Ҳара ҳрыхәаҧшит ашьапылампыл асцәа ҿарацәа гәыҧҩык, иаҳгәаҧхаз ыҟоуп, иаҳгәамҧхазгьы ыҟоуп. Аҧхьаҟа аус ду ҳзыҧшуп. Ҳрыхәаҧшлоит ҳҿар, амилаҭтә команда аҩаӡара аҟынӡа инаагалоит. Иааизакны, алҵшәа бзиоуп, избанзар, имҩаҧаҳгаз аҩ-хәмарракгьы ҳариааит, ҳазцыхәмаруаз уиаҟара команда ӷәӷәақәамзаргьы», - иҳәеит Беслан Аџьынџьал.

Аҧхьаҟатәи апланқәа ртәы далацәажәо азыҟаҵаҩ иҳәеит сентиабр азы акоманда даҽазнык ишеизоу. ДНРи ЛНРи ицарц ргәы иҭоуп арҭ аҩ-республикак еизгоу ркомандақәа рыцыхәмарразы. Уи азы иахьа аицәажәарақәа цоит.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений