Ихыркәшахоит ҳазҭалаз 2019 ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа. Ианар жәаха-жәиҧшь руха ҳтәылаҿы иазгуарҭоит аҧсуаа лымкаала иззыҟоу – Ажьырныҳәа мамзаргьы Хьычхәама ҳәа изышьҭоу, ажьира амҵаныҳәара ҵакыс измоу аныҳәа ду. Ажьырныҳәа аҳәынҭқарратә ныҳәақәа рсиа иахыҧхьаӡалоуп, иара ҧсшьарамшуп.
Ахәылбыҽха, ианар жәаха ауха аҧсуа ҭаацәарақәа аҧылоит Ажьырныҳәа. Аныҳәа аӷьырак ахьымҩаҧысуа Ажьира аҿы ауп. Уи амҵан аҭаацәа реиҳабы имҩаҧигоит Анцәа имҵаныҳәара.
Еиҳа инарҭбааны ари атрадициа уалацәажәозар, иара ахы ыҵнахит ажәытәӡан, уи адацқәа аҭоурых иаларсуп.
Ажьарныҳәа аҽны, ажьира иахагылоу аҭаацәа зегьы иреиҳабу иҩнаҭаҿы еизоит абшьҭра иаҵанакуа зегьы. Иазгәаҭатәуп ари аныҳәа ишалаху, аха аныҳәараан ажьира ишаҵамгыло аҭацацәа.
Ажьира ахьӡала шәашәыра змам аџьма шкәакәацқьа ашьа карҭәоит. Иара убасгьы Ажьира амҵаныҳәара иалаху зегьы рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит. Анаҩс аҭаацәа реиҳабы, ажьира иахагылоу аныҳәаҩ, агәи, агәаҵәеи, аҩи дрыхныҳәоит. Зхы хтны Ажьира иамҵагылоу аҭаацәа, аныҳәаҩ иажәақәа рнаҩс рыцыҧхьаӡа ацәашьқәа адыркуеит, имқәацаӡакәа игылоуп урҭ аҵыхәтәанынӡа иблаанӡа.
Ажьырныҳәа аҽны аҧшәмацәа аныҳәа ишақәнагоу еиҧш аишәа дырхиоит - уи рҩычоит чысхкыла. Аныҳәара анаҩс аҭаацәа зегьы ачыс агьама рбоит. Адрҩаҽны ашьыжь, зымышьҭа бзиоу ҳәа иҧхьаӡоу аҭаацәа рҟынтә аӡәы ашҭа дҭалоит ашәшьҵлеи арасеи рымахәқәа иманы. Уи ашықәс зегьы аҩныҵҟа аҭаацәа аманшәалара рзаанагоит ҳәа иҧхьаӡоуп. Анаҩс ауп агәылацәа аиҭанаиааира ианалаго.
Ажьырыныҳәа аҧсуаа рзы акыр зҵазкуа ныҳәоуп. Аҵакы ҵаула амоуп иара аныҳәарҭа аҭыҧ ахаҭагьы. Ажьира азааигәареи уи аҩныҵҟеи ацқьара ахылаҧшра ҷыда амоуп, уаҟа иҵарҵоит изыхныҳәо аҩыцқьа зҭарҭәо аҳаҧшьагьы.
Иара убасгьы Ажьира аҩныҵҟа рыбжьы рдуны ицәажәаӡом, иҩнагыланы, мамзаргьы азааигәара ишәииӡом. Жәытәнатә аахыс ирыҧхьаӡон, Ажьираҿы иҳәаз ашәи ауаҩы ихьӡоит, уи Аныха иашьашәалоу амч амоуп ҳәа.
Ажәакала, амарҭаҭра аамҭақәа иргәылсны иаауа, аха иахьа уажәраанӡа аҵакы ҵаула змоу ари аритуал патула иазнеиуеит ажәытә мзар ала Ашықәс Ҿыц иаҧылоу ҳмилаҭ. Ажьырныҳәа Аҧсуара иахәҭакуп. Кавказ ажәларқәа рыбжьара аҧсуаа реиҧш аӡәгьы ирҳаракны имаӡам, патугьы изақәӡам Ажьира акульт.
Ажәытәан Ажьира анцәахәы Шьашьшәы – Абыжьныха ҳәа ишьҭан. Уи иаанагоз аҧсуаа рыбыжьныха рымч еидызкыло Шьашьшәы ҳәа акәын. Убри аҟынтә аныҳәа ауха ихымҧадатәны ирыҧхьаӡон ацәа цқьа иалху ацәашьқәа быжьба рбылра.
Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы, аҭоурыхтә ӡеибафарақәа ирхылҿиааз амзызқәа ирхырҟьаны, Ажьырныҳәа азгәаҭара аҧыхразы аҽазышәарақәа ҟаҵан, аха уи зегьы лҵшәадан. Маӡала акәзаргьы, аҧсуаа зыгәра ргоз Ажьира Анцәахәы имҵаныҳәон.
Аҩажәижәабатәи-аҩынҩажәатәи Сталини Бериеи ррепрессиа шықәсқәа раан, аныҳәара мҩаҧызгаша ахацәа рхыҧхьаӡара акырӡа имаҷхеит. Ус шакәызгьы зеиҳабацәа зхыганы хабарда ибжьарӡыз аҭаацәарақәа атрадициа дмырӡӡеит.
Аҵарауаа аӡәырҩы ргәаанагарақәа рыла, аҧсуаа рыҧсҭазаараҿы Ажьиреи уи иахылҿиааз Ажьырныҳәа аныҳәеи ртема ибзианы иаартӡам, уимоу иҵауланы иҭҵааӡам. Адунеи амилаҭқәа зегьы ирымоуп дара егьырҭ ажәларқәа ирылызкаауа атрадициақәа.
Ажьырныҳәа аныҳәа Аҧсуаа даҽа жәларык ирылазмырҩашьо иуникалтәу ныҳәоуп. Араҟа иҳәатәуп ари ақьабз аҵакы хадақәа иреиуаны ишыҟоу абиҧара иаҵанакуа, абшьҭра иатәу ахылҵшьҭра реибарбара, изызҳауа аҿар атрадициақәа радыҧхьалара, аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. Иааркьаҿны иуҳәозар, аҭаацәа зегьы реидкылара, излыҵыз рдац-ҧашә рхамыршҭра.
Елана Лашәриаҧҳа