Апсадгьыл-инфо, 5 ноября 2024 г.
Арҭ амшқәа рзы аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа усуратә визитла ирҭааны иҟоу Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа Аҟәа ақалақь аҧшаҳәаҟны ахҵәара иақәшәаз рыхьӡала игылоу абаҟа ааха аҭара инамаданы игәаанагара иҳәеит.
"Аҟәа ақалақь, Амшын Еиқәа аҧшаҳәаҟны, ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар рыхьӡала игылоу абаҟа ааха ду аҭан. Ари ацәгьоура ауаҩы ихаҿы изаамго хҭысуп. Аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны ҳажәлар ирхыргаз аџьамыӷәа цәгьеи, рлахьынҵа џьбареи иаҩызаны ҳахәаҧшуеит ас еиҧш згәаӷьыз ауаатәыҩса рхымҩаҧгара, ӷәӷәалагьы ҳақәыӡбоит. Агәалашәара еиҳау иарбану? Ҟалашьас иамоузеи аҧшьа ус аӷрагылара?
Зыҧсадгьыл ахь имаац ҳьынџьуаа рыхынҳәра ҳаназыҧшу, ҳаимадара аҳәаақәа рырҭбаара ҳанашьҭоу, Аҧсны ҧшӡа абара ишазгәышьуаз зыҧсҭазаара иалҵыз ҳхылҵшьҭрақәа ргәалашәара аҿаҧхьа ахырхәара аҭыҧан, гыгшәыгҵас ахаарҧшра даараӡа иҧхашьароуп ҳәа ҳахәаҧшуеит.
Ҳҭоурых ҳазхьаҧшып, уаҵәтәи амш ҳазхәыцып, ҳаҧсуара ҳаҧхьа иҳаргылап", - азгәеиҭеит Вадим Ҳаразиа.