Адунеи аҿы зыхьӡ дыру 20-ҩык аҳақьымцәа-онкологцәа акьыба чымазара цәырҵаанӡатәи адиагностика мҩаҧыргоит.
Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 15 2018 ш. Октибр 15 инаркны 19-нӡа Аҟәа имҩаҧысуеит «Акьыба чымазара адиагностика» захьӡу жәларбжьаратәи акциа. Уи амҩаҧгара инициаторцәас иамоуп Ауаажәларратә рҿиаратә фонд «Амшра». Ауаа рыдыркылоит Аҟәатәи аонкоцентр аҿы.
Ари аҩыза акциа мҩаҧысран ишыҟоу уаанӡа ирылаҳәан. Октиабр 11 инаркны изҭахыз аҽгәаҭаразы рҽанырҵарц рылшон.
Аонкоцентр аҳақьым хада Лев Аргәын иажәақәа рыла, ас еиҧш иҟоу акциа сынтәа ҩынтәуп имҩаҧысуеижьҭеи.
«Ҵыҧх ирыдыркыларц ирылшоз раасҭа акыр еиҳаны рҽанырҵеит. Аконсультациақәеи анализқәеи рышьҭахь акьыба чымазара алагаратә стадиаҿы иахьалкааз ыҟан. Уажәтәи акциа иалагӡаны имҩаҧысуеит аҳақьымцәа-онкологцәа рзы асеминагьы. Алекциақәа ирыҧхьоит Урыстәылантәии Индиантәи аспециалистцәа», - иҳәеит Лев Аргәын.
Алор-онкологцәа, амаммологцәа, адермотолог-онкологцәа хәымш ирылагӡаны апациентцәа рыдыркылоит. Иаарыҧхьаз рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп ахы акьыба чымазара гәазҭо аспециалистцәагьы.
Акьыба чымазара адиагностика азы акциа мҩаҧыргоит Евразиатәи аонкологцәа рфедерациа, акьыба чымазара иаҿагылоу Евразиатәи афонд, Евразиатәи аонкологиатә программа, убас «Иунити» аиҿкаареи Аҧсны амилаҭтә аонкоцентри.