Авторизация:

Икаҳаз аҵла иахҟьаны Аҧсны зуалҧшьа назыгӡо Урыстәылатәи аруаа ҭахеит

Икаҳаз аҵла иахҟьаны Аҧсны зуалҧшьа назыгӡо Урыстәылатәи аруаа ҭахеит
4 октября 2018 15:24 13102
Аҧсадгьыл-инфо, 4 2018 ш.  

Аевкалипттә ҵла амашьына иахьақәҳаз иахҟьаны Аҧсны иҟоу Аҳәаахьчаратә усбарҭа афицарцәа ҩыџьа рыҧсҭазаара иалҵит.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 4 2018 ш. Гәылрыҧшь аҳаблаҿы амашәыр ахьыҟалаз иақәшәаз изларҳәо ала, аурыс аҳәаахьчаҩцәа зҭаз аруаа рмашьына УАЗ аҵла ақәҳаит. Ҩыџьа иаразнак иҭахеит, аӡәы Агәыӡератәи ахәшәтәырҭаҿы аҧхьатәи ацхыраара ирҭеит, анаҩс Аҟәаҟа, Ареспубликатә хәышәтәырҭахь ддәықәырҵеит.

Аруаҩ Грибанов актәи ацхыраара аниаҳҭа ашьҭахь Ареспубликатә хәышәтәырҭахь ддәықәаҳҵеит. Егьырҭ аҩыџьа ракәзар, арахь иаарымгаӡеит. Изласаҳаз ала, дара рыҧсҭазаара иалҵит», - иҳәеит Аҧсадгьыл-инфо акорреспондент дзацәажәаз Агәыӡератәи ахәшәтәырҭа ахирург Иури Зарандиа.

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иҳарҳәеит ахҧатәи ааха зауз ареанимациатә ҟәшаҿы дшыҟоу, аҳақьымцәа уи иҧсҭазаара аиқәырхара рыҽшазыршәо.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений