Авторизация:

Амшын Еиқәаҿы аӡсара ахьамуа азонақәа ҟалоит

Амшын Еиқәаҿы аӡсара ахьамуа азонақәа ҟалоит
18 ноября 2018 09:53 1415
Аҧсадгьыл-инфо, 18 2018 ш.  

Атранспорт азы аминистрра Шәача аӡсара ахьамуа азонақәа шьақәнаргыларц аӡбеит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 18 2018 ш. Атранспорт азы аминистрраҿы Амшын Еиқәаҿы аӡсара ахьамуа азонақәа рзы азакәан аус адырулоит. Аминистрраҿы иазгәарҭоит ари адокумент Урыстәылатәи ФСО адҵала ишыҟарҵо. Абри атәы аанацҳауеит Макс Портал.

«ФСО адҵа ҟарҵеит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Амшын Еиқәа ааигәара иҟоу аҳәынҭқарратә обиектқәа рыхьчара алыршаразы аӡсара азин ахьыҟам азонақәа шышьақәыргылатәу», - аҳәоит адокумент.

Аминистрраҿы ирҳәеит аӡсара ахьауа араионқәа рышьақәыргылареи, урҭ раҧыхреи, убас афедералтә органқәа иҟарҵо ажәалагалала арҭ араионқәа рзы аҧҟарақәа раҧҵара дара ркомпетенциаҿы ишыҟоу.

Азакәан амчра аиоуеит март 2019 ш. инаркны.

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений