Авторизация:

Шәачатәи аеропорт аҿы амца акит Boeing 737-800

Шәачатәи аеропорт аҿы амца акит Boeing 737-800
1 сентября 2018 11:30 2111
Аҧсадгьыл-инфо, 1 2018 ш.  

Авиакомпаниа Utair иатәу Boeing 737-800 аҧырратә цәаҳәа иахысны аӡиас иҭаҳаит, нас амца акит.

Аҧсадгьыл-инфо, сентиабр 1 2018 ш. Иҟалаз ахҭыс аҿы аҳаирплан иҭаз аӡәгьы дҭамхаӡеит, 18-ҩык ацхыраара рыҭатәхеит. Аха, аеропорт амаҵ азызуа акомпаниа «Базел Аеро» аҿы ишаарыцҳаз ала, иҟалаз аинцидент аҿы иҧсҭазаара далҵит аеропорт аусзуҩы.

«02:59 рзы Шәачатәи аеропорт аҿы Москвантәи иааз аҳаирплан антәоз аҧырратә цәаҳәа иахысны, амҵәыжәҩа ала аеропорт аанда иасны, аӡы иҭаҳаит, амца акит. Аҳаирплан иҭан 166-ҩык ауаа. Амца арцәара иаҿуп. Апассаџьырцәа аҳаирплан иҭыгоуп», - аанацҳауан ТАСС.

Авиакомпании Utair апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Москва-Шәача иҧыруаз Boeing 737-800 антәоз ацәаҳәа иахысны, аӡиас иҭаҳаит, уи иахҟьаны ашасси, амҵәыжәҩеи ҧҽит.

Ақәаршҩы акәзар ауеит иҟалаз ахҭыс зыхҟьаз ҳәа иахәаҧшуеит аспециалистцәа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений