Аҧсадгьыл-инфо, 23 2018 ш.
Октиабр 23 рзы Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Краснодартәи атәылаҿацә аҿы асмерч ҟалар ауеит ҳәа аанацҳауеит
Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 23 2018 ш. Октиабр 23 рзы Магри аҳабла инаркны Весиолое ақыҭаҟынӡа амшын аҿы асмерч ҟалар ауеит.
Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Краснодартәи атәылаҿацә аҟәша.
Асмерч аныҟало иахьаарту аҭыҧ аҿы иҟало ауаа рааигәара иҟоу ажырҭақәа рҿы рҽырҵәахырц рабжьыргоит.