Tvil.ru иамоу аинформациа ала, иааигәоу аҳәаанырцә акурортқәа рыбжьара зегь реиҳа ауаа рҭааит Аҧснытәи акурортқәа Гагреи Аҟәеи.
Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 20 2018 ш. Урыстәылатәи акурортқәа рыбжьара ареитинг аҿы актәи аҭыҧ ааныркылеит Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа, аанацҳауеит «Россиа. Кубань».
Атәылаҿацә аҿы атуристцәа бжьаратәла 9,5 ҵхы анхарҭа ҭыҧқәа аброн ҟарҵон, 2400 мааҭк мышкы иршәон.
Аҩбатәи аҭыҧ ааныркылеит Крымтәи акурортқәа. Араҟа аҧсшьаҩцәа бжьаратәла 10-мш иаангылон, уи иагьахҭнырҵон 2300 мааҭ.
Аотельқәеи, аҩнқәеи, ауадақәеи аброн рзыҟаҵаразы урыстәылатәи акомпаниа «ТВИЛ» иамоу аинформациа ала, иааигәоу аҳәаанырцә акурортқәа рыбжьара зегь реиҳа ауаа рҭааит Аҧснытәи акурортқәа Гагреи Аҟәеи. Араҟа бжьаратәла дара аангылон жәымшы.