Авторизация:

Тамшь ақыҭан аибашьраан иҭахаз рбаҟа аиҭашьақәыргылара мҩаҧысуеит

Тамшь ақыҭан аибашьраан иҭахаз рбаҟа аиҭашьақәыргылара мҩаҧысуеит
26 июня 2019 17:09 639
Апсадгьыл-инфо, 26 июня 2019 г.  

Очамчыра араион Тамшь ақыҭан игылоу, аҧсуа-қырҭуатә еибашьраҿы иҭахаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рмемориалтә комплекс аиҭашьақәыргылара мҩаҧысуеит. Аусурақәа хацыркын мчыбжьык аҧхьа. Урҭ мҩаҧнагоит араионтә наплакы «Ақалақьргылара». Абаҟа аиҭашьақәыргылара 500 нызықь мааҭ азоужьын атәыла ахада ифонд аҟынтәи.

Амемориалтә комплекс ргылан 2008 шықәса рзы. Аргыларатә усурақәа раамшьҭахь араҟа акапиталтә ремонттә усурақәа зныкгьы имҩаҧырымгаӡац. 11 шықәса рыҩныҵҟа амемориалтә комплекс аиҭашьақәыргылара аҭаххеит, иара имаҷымкәа аҧхасҭа аиуит. Иадыз амармалташьтә ҭыӡқәа ана-ара иадҵит, акомплекс аҩныҵҟа игылоу атәарҭақәа рыҧшшәы рыҧсахит, ҿыц еиҭашәтәуп акомплекс иаҿыкәыршоу аанда.

Араҟа имҩаҧгатәу аусурақәа ирықәхарџьтәу аҧара ашәараҿы ацхыраара рырҭац азы Аҧсны анапхгарахь аҳәара ҟарҵеит Очамчыра араион ахадара. Аусурақәа иҵегь заа ралагара азгәаҭан, аха еиуериҧшым амзызқәа ирхырҟьаны урҭ мчыбжьык аҧхьа ауп напы анрылакыз. Ус шакәугьы, аргылаҩцәа планла ирзарбо аамҭа иақәшәо иаауеит.

«Ақалақьргылара» аиҳабы Руслан Исаев иажәақәа рыла, финансла аиҵахара рымаӡам. Аусзуҩцәа бригадак роуп иҟоу, аха дара аус руеит еиҧҟьарада есҽны, ашьыжь инаркны аҵх иаарымнахаанӡа. Амшқәа бзианы ишьақәгылар, аусурақәа зегьы мчыбжьык ала рхырқәшара азгәаҭоуп.

Иун 2 рзы Тамшьтәи амемориалтә комплекс аҿы, есышықәса еиҧш, сынтәагьы, иазгәаҭахоит Тамшьтәи адесант аныӡхыҵыз амш.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений